Бганба Гагра араион аҭарцәра иазкны: аԥсҭазаара ҿыц ҳаузшәа ҳбеит

© Sputnik / Саида ЖибаВетеран ОВНА Заур Бганба
Ветеран ОВНА Заур Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра хырԥашьа шамам еилыркаауан, Жәлар Реидгыла Афоруми, Аԥсуа гвардиеи иалаз, аха уеизгьы ршьапы иқәнарҟьеит ажәабжь хлымӡаах. Аԥсуа хацәа хықәкыс ирыман, аӷа ақалақь далсны имшьҭра. Убри аҟнытә, аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, Бзыԥҭа аҳаблан иаԥҵахеит аштаб.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Бзыԥҭа аҳаблан иааинырсланы иаԥҵахаз аштаб аиҳабыс дахагылеит Заур Рамшьыхә-иԥа Бганба. 25 шықәса рышьҭахь, Леон иорден занашьоу, аибашьра аветеран иаҳзеиҭаиҳәеит, уи ашьақәгылашьеи, ахықәкы хадеи ртәы.

"Аибашьра иалагаанӡа, Бзыԥҭа абнанхамҩаҟны аус зуон. Нанҳәа 14 аҽны, шьыжьнаҵы Пицундатәи абаӷәазаҟны, аӷба аидара ақәҵара саҿын. Ус, хара имгакәа, Гагра араион Ахадара аиҳабыс иҟаз Руслан Назим-иԥа Иазычба, Витали Ҳаразиа дааишьҭуеит, ақырҭцәа шҳақәлаз адырра ҳаиҭарц. Иаразнакгьы, араион Ахадарахь сдәықәлеит", — игәалаиршәоит аветеран.

ветеран ОВНА Иури Ториа - Sputnik Аҧсны
Иури Ҭориа: "Афырҭынаа" ҳҽеибаркны аибашьра ҳцеит

Гагра зҽеидызкылаз аԥсуа хацәа, гәыԥ-гәыԥла дҵак-дҵак рзықәгылан. Џьоукы Цандрыԥшь ахырхарҭахь еихеит, егьырҭ Бзыԥҭаҟа.

"Аӷа идесант бџьарла еиқәных Цандрыԥшь ианӡхыҵ, аҩ-ганк еилацәажәеит, ақырҭцәа ахысра шааныркыло, ҳара ҳакәзар, Гагра иаланхо рмилаҭ ахаҭарнакцәа ҳшыркьымсуа ҳәа. Аха ақәылаҩцәа ражәа нармыгӡеит. Убри аҟнытә, Руслан Назим-иԥа сҿаԥхьа адҵа ықәиргылеит, Бзыԥҭа аштаб аԥысҵарц. Иара ибзианы еиликаауан, ампыҵахалаҩцәа ақалақь иалсыр, шьаҭанкыла Аԥсны рнапахьы ишааргоз", — иҳәоит аибашьҩы.

Бзыԥҭатәи аштаб хықәкыс иаман, иԥсы инха, уи ацәаҳәа аанкылара.

"Зегьы ибзианы ижәдыруеит, аибашьра ианалага абџьар азы даара ҳашӷарыз. Уи аԥхьаҟа, Жәлар Реидгыла Афорум аҟны иаԥҵаны иҳаман агәыԥ ҷыда. Ақырҭцәеи ҳареи ҳшеиҿагылоз ҳдыруан аҟнытә абџьар аахәара ҳалагахьан. Убас иҳамаз ҳхы иархәаны, агвардиа алахәцәа ҳавтоматқәеи, ахацәа рышәарыцага шәақьқәеи ҳабжьара ишаны, ацәаҳәа ахьчара ҳалагеит", — еиҭаиҳәоит Заур Бганба.

Уи аамҭазы, Урыстәыла иатәыз Гәдоуҭатәи архәҭа иақәлаз аԥсуаа, бџьарла еиқәных Бзыԥҭаҟа инеиуа иалагеит.

"Аштаб аҭакԥхықәра ду адын. Аибашьцәа рыԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабареи агәыбылреи ирылҵшәахеит, бџьарлеи, уаҩытәыҩсалеи зқьынтә иҳаиҳаз аӷацәа раанкылара. Аҳәара уадаҩуп, раԥхьаӡа ақырҭуа итехника хьанҭа аҭархара анҳалша ҳгәаҵаҿы ииз ҵҩа змамз агәырӷьара атәы. Сара аштаб аиҳабы иаҳасабала, даара срызхьаауан ҳаибашьцәа. Доусы иԥсҭазаара сахӡыӡаауан",— иҳәоит аветеран.

Ветеран ОВНА Арзаабеи Григолиа - Sputnik Аҧсны
Григолиа: абџьар сырҭарц азы, амшынтә флот салан ҳәа амц сҳәар акәхеит

Есааира Бзыԥҭатәи аштаб харҭәаахо иалагеит. Уи шьақәгылан 16-ҩык рыла.

"Сергеи Платон-иԥа Дбар аштаб ахь данаарышьҭ, ишьақәгылеит Бзыԥҭатәи ахыхьчаратә хырӷәӷәарҭа. Иара ар ус дазҟазан аҟнытә, зегьы ҳгәы шьҭыҵит", — игәалаиршәоит аибашьҩы.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы, шьхала Бзыԥҭаҟа илбаауа иалагеит Нхыҵ-Кавказынтәи ахатәгәаԥхаҩцәа. Ақырҭцәа аҽазышәарақәа мҩаԥыргон урҭ рымҩа аанкыларазы, аха ирықәҿиуамызт.

Жьҭаара 2 рзы, ажәыларатә план инақәыршәаны, аԥсуа гәыԥқәа Гагра ахырхарҭахь еихеит.

"Гагратәи ажәыларатә план ашьақәыргылаҩцәа дыруаӡәкын Сергеи Дбар. Гена Ҷанбеи иареи рылшамҭа ӷәӷәоуп ари аоперациаҟны", — инаҵшьны иазгәеиҭоит аветеран.

Ҽнак ала ақалақь ҭарцәны, аԥсуа еибашьцәа рҽеидыркылеит аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа. Абрантәи, араион аӷа далцо, жьҭаара 6 рзы Ԥсоу аҳәааҟынӡа инаӡеит.

"Гагра араион аҭарцәра ҳгәы шьҭнахит, аԥсҭазаара ҿыц ҳаузшәа ҳбеит. Ахаҵа илаӷырӡ каиҭәом рҳәоит, аха убри аамҭазы аҽаанкылара уадаҩын", — раԥхьатәи аиааира игәалаиршәоит аибашьҩы.

Араион ахақәиҭтәра ашьҭахь, Владислав Арӡынба идҵа инақәыршәаны, Заур Бганба Гагратәи арратә горнизон аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Уи инаваргыланы, араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.

"Гагратәи аиааира ашьҭахь, шықәсык ааҵуаны ауп, Аԥсны шьаҭанкыла ахы ианақәиҭтәха. Уи аамҭазы даара иуадаҩын араион аҟны иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьа аԥҵара. Мызла аӡыи афымцалашареи ыҟамызт. Аус зҳаруадаз, Гаграа зегьы ԥхьаҟа ажәыларақәа рахь ицон. Саргьы, аамҭа-аамҭала агорнизон ааныжьны сҩызцәа срыцны аоперациақәа схы рыласырхәуан", — иҳәоит Заур Бганба.

Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь, ақалақь ахь игьежьуа иалагеит аҭаацәарақәа. Урҭ ршәарҭадара иахылаԥшуан амилициа аусзуҩцәа, аҟәарахьчаҩцәа. Иарбан акоминданттә аамҭа. Гагратәи агорнизони, араион Ахадареи рымч еибыҭаны ирылдыршеит аобектқәа реиқәырхара. Гәымсҭатәи афронт ацәаҳәа нахыс ишьаарҵәыраз аибашьра шцозгьы, иаҳлахьынҵахоз шеилкаамызгьы, Гагра араион аԥсҭазаара азырхынҳәразы аусура мҩаԥысуан. Убри аҿы, ааԥсара ду збаз дреиуоуп Заур Бганбагьы. Иара иахьагьы, Гагра араион Ахадара аиҳабы имаҵураҿы илшо зегь ҟаиҵоит иуаажәлар рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0