Рита Ажьиԥҳа: агәырӷьареи алаӷырӡи рыцуп арҭ амшқәа сара сзы

© Фото : Личный архивВетеран ОВНА Рита Ажиба
Ветеран ОВНА Рита Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зеибашьратә ҭоурых гәымшәарыла иҭәу, "Леон иорден" занашьоу Рита Ажьиԥҳа, илгәалалыршәоит Гагра ақалақь ахақәиҭтәра иадҳәалоу хҭысқәак.

Sputnik, Cырма Ашәԥҳа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, арԥарцәа инарывагыланы абџьар ааныркылеит аҭыԥҳацәагьы. Зеибашьратә ҭоурых гәымшәарыла иҭәу, "Леон иорден" занашьоу Риҭа Ажьиԥҳа, илгәалалыршәоит Гагра ақалақь ахақәиҭтәра иадҳәалоу хҭысқәак.

"Гагра ахақәиҭтәразы ажәылараҵәҟьа ианалага, Гәдоуҭа аганахь ала аԥсуаа гылан. Ахысра ӷәӷәа иалагаанӡа срыхьӡеит ҳаибашьцәа. Сара уахь снеишьа акалашәа иҟалеит, ҩбинтк ракәын исымаӡаз. Амҩан, Роза Абдурахманова ҳәа дыҟан, дчечен ҭыԥҳан, аҳәса рбаталион еидылкылон, убри машәыршәа дсықәшәан, слыман дааит", — лгәалашәарақәа дрызхьаԥшуа дцәажәон Рита.

Рита, раԥхьа бџьарла дшеибыҭамызгьы, медеиҳәшьак лаҳасаб ала ҳаибашьцәа рыҽрымалдеит. Анаҩс, леибашьратә мҩы Егрынӡа инаӡеит.

"Гагра агаразы ажәылара ӷәӷәа иалагеит, ахысбыжьқәа улымҳа ҵырхуан. Раԥхьа ацхыраара зысҭоз даара ӷәӷәала дхәын. Ишьапоуп ахәра зауз, ашьа узнымкыло иҟан. Ҷкәынак дсыцхраан цәгьала дҿаҳҳәеит, дшьабаны дымԥсыртә еиԥш. Ирацәаҩын бџьарда иҟаз. Ажәылара ианалагаҵәҟьаз игәасҭеит, аҷкәынцәа зегьы абџьар шыркымыз. Раԥхьатәи ахә избаз, ишьапы ҿаҳәаны амашьына ашҟа дандәықәысҵа, сыԥсы ааибакын, иабџьар ахьышьҭаз иаашьҭысхын исыман сдәықәлеит, аха аҷкәынцәа хара сырмышьҭит, сдырхынҳәит, сабџьаргьы сымырхит. "Ахацәа абџьар зкым ҳшыҟоу бышԥацоу", — рҳәан исымырхит. Аха, сбинт шыскыз ԥхьаҟа иахьцоз срыцны сцеит.

"Леон иорден" занашьоу Рита Ажьиԥҳа лзы, Аиааира амш гәырӷьаратә мшуп, аха уи илзацуп ахьаагара, илывыршьааз, иҭахаз лҩызцәа, аибашьцәа рхьаагара.

"Гагра ахақәиҭтәраз иҭахаз рбаҟақәа ҳарҭаауеит есышықәса, Пицунда абжьаларҭаҿы ҳаӡӷабцәа Лиалиа Ԥаразиаԥҳаи, Ира Сыҷынааԥҳаи анышә иахьамадоу ҳнеины иаҳгәалаҳаршәоит", — дцәажәон Рита.

© Фото : Личный архивВетеран ОВНА Рита Ажиба
Ветеран ОВНА Рита Ажиба - Sputnik Аҧсны
Ветеран ОВНА Рита Ажиба

Рита гәыблыла дылгәалалыршәоит Лиалиа Ԥаразиаԥҳа.

"Ажәылараҿы ԥхьаҟа ҳаҳьцоз, аҷкәынцәа сышьҭахьҟала Лиалиа слеиԥшныршьалозар акәхарын, "Лиалиа, Лиалиа"-ҳәа иҩны инасыдыххылон. Абри Лиалиа захьӡу дызбандаз ҳәа сыҟан. Аҵыхәтәаны, ажәыларахь ҳашцоз дызбеит лара. Убри аҩыза агәымшәара аалырԥшуан, ахааназы сгәы дҭынҵәом. Џьара ҭыԥк аҿы ахә дҿалҳәоит шуҳәоз, инахьхьи даацәырҵуан, нас даҽа ганкахьы дыҩуан. Абас тәамҩахә лымамызт. "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡгьы лыхҵоуп, егьлықәнагоуп", — лҳәеит Рита Ажьиԥҳа.

Аибашьцәа зегьы реиԥш, аибашьра аветеран Рита Ажьиԥҳа агәыӷра лыман, Аиааира ҳара ишаҳтәхоз.

Роберт Когония - Sputnik Аҧсны
Арадио
Роберт Коӷониа: аиааира ахьӡала- сзықәтәаз БМП аҳәааҿы иқәсырҵәиааит

"Агәыӷра ҳаман Аиааира ҳара ишаҳгоз. Уи ҳамамызтгьы арҭқәа зегьы ҳзеиҿкаауамызт, агәкажьра ҳааигәа иааҳгомызт. Гагра ақалақь абираҟ анахаҳаргыла нахыс еилкаан, Аиааира ҳара ишаҳтәхоз!" — гәыблыла еиҭалҳәон лара.

Гагра ажәылара инаркны, Ԥсоуынӡа ҳаибашьцәа ахьцоз дрыцын, деибашьуан Рита.

"Аиааира амш, ҳхы шьҭыхны, ҳгәы ҭганы ҳахьаԥыло сеигәырӷьоит. Хьымӡӷыда аибашьра ҳахьалҵыз насыԥуп. Агәырӷьареи алаӷырӡи рыцуп арҭ амшқәа сара сзы"-лцәажәара абас ихлырқәшеит "Леон иорден" занашьоу Рита Ажьиԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0