Осқан Ҭарба: ԥсышәак сҳәозар сҭаацәа ирыбзоуроуп, саԥсуара схадмыршҭӡеит

© Фото : личный архивОскан Тарба
Оскан Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Осқан Ҭарба дынхоит Голландиа, хылҵшьҭрала даԥсыуоуп, иҭоурыхтә ԥсадгьыл дазҿлымҳауп, лассы-лассы Аԥсныҟа даалоит. Сырма Ашәԥҳа еилылкаауан иара иҭоурых.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Осқан, шәара шаҟа шықәса ҵуеи Голландиа шәынхоижьҭеи, насгьы ирацәаҩума уа иҟоу аԥсуаа?

— Сара аҳҷыԥсаа среиуоуп. 30 шықәса инареиҳаны Голландиа сынхоит. Ҩыџьа ахшара сымоуп, ԥаки ԥҳаки. Голландиа инхо аԥсуаа 400-ҩык рҟынӡа ҳаҟоуп. Ҳацәгьара, ҳабзиара ҳаиҭанаиааиуеит, ҳаибабоит, аимадарақәа ҳамоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, акыр ҳмилаҭтә идеиа шьҭыҵит, ҳаидгыларагьы еиҳагьы иӷәӷәахеит. Атәым тәылаҿы уара иуеиуам ажәлар уанрыланхо акыр иуадаҩуп, гәыла-ԥсыла ҳаԥсыуоуп ҳҳәозар, уи ҳхымҩаԥгара ианыԥшроуп. Германиа инхо аԥсуааи ҳареи ҳаиҭанаиааиуеит. 1000 км. бжьазаргьы, ԥсрак чарак ҟалеит ҳәа ҳаҳар, ҳамцар ҳауӡом.

Дженгиз Ашуба - Sputnik Аҧсны
Џьенгиз Ашәба: аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсадгьыл амаҵ ҳуроуп

- Ҭырқәтәыла шәара шәабшьҭра абанхоз?

— Ҭырқәтәыла, Адаԥазар, ажәытәӡа Ашәыҭӡы ҳәа иашьҭан, уажәы Калаиак рҳәоит сабшьҭра ахьынхоз. Ҭабареқь, Кәарацәгьа ззырҳәо ақыҭақәеи ҳареи ҳаизааигәаны ҳанхоит. Ҳара ҳаиҳабацәа ирхыргаз агәаҟрақәа ирылацәажәаӡомызт шамахамзар. Еибырҳәозаргьы дара дара рыбжьара иалацәажәон, ҳара ҳҟынӡа иааӡар рҭахымызт, избанзар убри аҩыза ацәгьарақәа ирықәшәеит амҩан, иԥхьаҵынгьы цашьа рымамызт. Кәарацәгьа ҳәа Ҭырқәтәыла иззырҳәо аҭыԥ аҟны, кәарак ииасуан иаӷьны, уи азы иахырҵеит рҳәоит. Аха, Шәача азааигәарагьы иҟоуп ҳәа саҳауеит уи аҩыза ахьӡ. Арантә инеиқәаз иахырҵазар ҟалап ҳәа агәҩара сымоуп. Аԥснынтә уахь еицнеиз, қыҭак еиднакылон, аицынхара рҽазыршәеит. Шабаҭ ҳәа захьӡыз Озганаа қыҭак шьақәыргыланы ирыман, уажәы уи еиқәханы егьыҟам. Озганааи, Хәаҷааи, даҽа ҩба-хԥа жәла нхон.

- Шәара акыр шықәса атәым тәылаҟны шәшынхогьы, аԥсшәа аҷҷаҳәа ишәҳәоит, шәаԥсуара ныҟәыжәгоит. Аиқәырхара шԥашәылшәыршеи?

— Абызшәа аҵакы маҷ-маҷ аҽаԥсахзар ҟалап, аамҭа ус иҟанаҵоит. Ахҷыԥсаа абнара ҳалатәамзи, ҳлеишәа-ҳқьабз аҩыза аӡәгьы имаӡамызт ҳәа акәын ишалацәажәоз, аԥсуаа уи аҩыза ачымазара ҳамоуп нас. Ҳара ҳахьыҟазалак ҳшаԥсыуоу ҳдыруеит, аха ассимилиациа ҳкьымсыр амуит. Сара санду шәышықәса лхыцуан даныԥсуаз. Уи аҭаацәара рыҩныҵҟа иныҟәылгоз аԥсуара хазын. Уажәы урҭқәа ажәытәра иагазшәа збоит. Сара сааб игәамԥхо акы ибар, илакҭа сынҭаԥшыр иаразнак издыруан. Саб иҿызбааз, сқыҭаҿы, сыуаажәлар рҿы избаз саргьы имҩаԥызгар сҭахәуп сҭаацәа рҿы, аха Голландиа ииз ахәыҷы уи шԥаиурҵои, иуадаҩуп. Ҳлеишәа, ҳқьабз иахьатәи ҳҭагылазаашьа еиԥшуп, ирҿыцтәуп. Аԥсуареи, абызшәеи еицызароуп.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Альԥер Бганба: Аԥсны аизҳара амҩа иануп, сгәы дуны схынҳәуеит Ҭырқәтәылаҟа

- Шәышьҭра аҭоурых шәаҳзалацәажәарц ҳҭахуп.

— Саб иан Хәаҷааԥҳан, сан лан Сым-сымԥҳан (Смырԥҳа). Аԥснынтә иқәҵыз сара сабду иаб иоуп. Саб Адиль ихьӡын, уи иаб Аиса ихьӡын¸ уи иаб Ибраҳам ихьӡын. Ибраҳам иоуп арахьынтә инеиз. Ибраҳам иаб Ҳабахә ихьӡын. Ԥсҳәы, Ахҷыԥсы ашьхараҟынтә, абнараҟынтә инеиқәаз роуп.

- Шәара шәзеиӷьашьарақәа.

— "Анаԥшҩы дхысҩуп" — рҳәоит. Раԥхьа инаргыланы исҳәо, схы налакны иазгәасҭарц исҭаху, иахьа ԥсышәак сҳәозар, сани, саби, сандуи ирыбзоуроуп. Саԥсуара схадмыршҭыртә еиԥш срааӡеит. Урҭ реиԥш ахәыцра сымандаз сҳәалоит зны-зынла. Агәырӷьара, аԥшӡара рԥеиԥшзааит ҳауаажәлар. Аԥсны сгәазхара исзымбац, сеимдоит. Угәы узырхьуа, угәы шьҭызхуа рацәоуп, ари ԥсҭазаароуп. Зегь раԥхьа иргыланы, гәыла-ԥсыла, ҟазшьала ҳаԥсыуазарц сҭахуп. Ҳаидгылар, ҳаззымиааиуа акагь ыҟам. Уи азы, агәгьы, ахшыҩгьы ҳамоуп. Абзиарақәа ҳԥеиԥшзааит!

 

Ажәабжьқәа зегьы
0