Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукОбручальные кольца
Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсҭазаараҿы ихадароу аҭыԥ ааннакылоит абзиабара. Абзиабарагь аформақәа еиуеиԥшымкәа иаҳԥылоит, иаҳҳәап: ан-аб рыхшара рышҟа ирымоу абзиабара, ажәлар-аԥсадгьыл-абызшәа рышҟа абзиабара, иааҳакәыршан зегь рахь абзиабара, аҷкәыни-аӡӷаби рыбжьара ицәырҵуа абзиабара.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Абзиабара адунеи иқәу ауаатәыҩса зегьы еицырзеиԥшу, ауаҩы ишьаҭа змырӡуа цәанырра хазыноуп. Аха уи ауаҩы адунеи дышнықәлаз еиԥш изҵәырымҵӡеит. Ауаҩы ихдырра, иԥсихологиа маҷ-маҷ акәын ишышьақәгылоз, ишышәуаз. Раԥхьаӡа ауаатәыҩса ирыздыруамызт абзиабара закәыз. Ахаҵеи аԥҳәыси рыбзиабаратә цәаныррақәа ауаатәыҩсатә ԥсҭазаара иахәҭакхаанӡа акыр шықәсақәа, акыр зқьышықәсақәа бжьысит.

Еиуеиԥшым аепохақәа раан ауаатәыҩса рцәанырра ашҟа иҟаз азнеишьагьы еиԥшымызт, уи иадҳәалан амилаҭтә культуреи ауаатәыҩса ҟазшьала реиԥшымзаареи. Аамҭа цацыԥхьаӡа ажәларқәа еиҿыҵуан, рыҩныҵҟа аҿиара роуан аҵасқәа, жәларқәак рҿы аҳәса рацәа раагара, рныҟәгара ԥхашьара зламыз ҵасын, даҽаџьара аԥхәыс- аҭыԥҳа лыҭира, ма лыхәҳара азин ыҟан- тәык лаҳасаб ала.

Ажәытә аԥсуа ҩны, Гагра араион - Sputnik Аҧсны
Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа

Иазгәаҭатәу акы акәны иҟоуп, аԥсуаа рҿы аҳәса пату еснагь ишрықәыз. Уи ус шакәыз арҵабыргуеит ижәытәӡатәиу доуҳатә ҭынха дуны иҳамоу "Нарҭаа репос". Аепос аҿы аҳәса рхаҿсахьа шырацәамгьы, урҭ даара ихаҭәаауп, иаҳҳәап: Саҭанеи – Гәашьа, Гәында — ԥшӡа.

Имаҷым аԥсуаа рҟны абзиабара иазку ажәаԥҟақәагьы: бзиа иубо есқьынагь длашоуп, бзиа еибабо еихахәыкгьы иқәӡуеит, бзиа узбо угра дахыччом.

Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа" аҿы ишазгәаиҭоз ала: "Традициала: аԥсуа рԥыс ԥҳәызбак лыӡбахә иаҳар, иҩызак даашьҭыхны ԥҳәызбабара ицон. Иахьнеиуаз заа маӡала адырра рырҭар ҟалон, мамзаргьы уск иашьҭоушәа- егьиушәа ҽыҵгак ҟаҵаны. Абасала, аԥҳәызбагьы дибон, аҭаацәагьы ибон, иаргьы дырбон. Уи ашьҭахь ақьаӷьариацәа ракәын аус ҟазҵоз, ҳәара аҭахыума, игәаԥхеибашьан ианыҟала ашьҭахь. Урҭ арԥыс иҟнытә ахәҷымыҷ ааргон, убас аԥхәызба лҟнытәгьы.  Ари заҳаз агәыла-азла ааины атаацәа ирықәныҳәон, рыԥҳа, ма рԥа аразҟы ахьроуз инамаданы. Убри инаркны иҳәаны идыртәаз аԥҳәызбагьы, ԥҳәыс дзызҳәоу арԥысгьы рҟазшьа рыԥсахуан: аиҳабацәа рыбла ихгыломызт, шамахамзар, рыбжьы уаҳауамызт. Уи аҳаиҭҟәиҭ еиҳа ирнубаалон рчара аҿҳәара анарҭалак инаркны.

Ачара аҿҳәара аԥҵәаразы инеиз рахь аԥҳәызба дцәырҵуамызт, луадаҿы лҽааҩналкуан, лҩызцәақәакгьы уаҟа аҩызара лзыруан. Асасцәа уахь инеины аԥсшәа ларҳәон.

Аԥсуаа рҟны аҭаацәараԥҵара аформақәа еиԥшымызт, иаҳҳәап: амҵарсра, аргама, маӡала, агараҿаҟәара, ахкаршәра, ачмашәара.

Амҵарсра- еиқәыҳаԥхьаӡаз ахкқәа зегь реиҳа ижәытәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Амҵарсра арԥыс ихы иаирхәон аӡӷаб лҭаацәа, ма лара данақәшаҳаҭмыз. Усҟан арԥыс изаанхоз акы заҵәык акәын, аҽыхәда дықәкны лымҵарсны. Амҵарсра аформа иахьа уажәраанӡа иаҳԥылоит, аха уажәтәи арԥарцәа аҽы аҭыԥан рхы иадырхәо иалагеит автомашьынақәа.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа аԥҳәысаагара атрадициа иахьа ишныҟәырго

Аргама- уи аӡӷаби аҷкәыни рҭаацәарақәа еиқәшаҳаҭны ачара аныруа ауп. Аргама ахаҵацара, иахьагьы ахархәара амоуп.  Аҭаца ачара аҽны аҩны ддәылыргон уахынланы, амза лықәыҷчо аҽы дақәыртәаны. Аҭаца лааагара ицон аҷкәын иуацәа, иҩызцәа, урҭ дрыцын  иззыӡырҩуаз еиҳабыкгьы. Аҭацаагацәа аккеиҩҳәа аҭацаагарашәа "Радеда" ҳәо ддәықәыргалон. Аҷкәын иҭаацәараҿы даннаргалак "Амҳара" (домик для новобрачных) ашҟа дыҩнаргалон. Уи даныҩнаргалоз араӡын ԥара лықәрыԥсон, ашәхымс дахысаанӡа аҳәызбақәа еиҿарықшон. Аҭаца лхы-лҿы ҵәахын касышла. Аҭаца длыцзар акәын аҭацаҩыза, иара убас амаҟара. Маҟарас ишьҭырхуаз лыеиашьара еиуаз ҷкәынан (иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы аӡӷаб хаҵа данцо аҭацаҩыза лоуп илыцу, амаҟара игара уи аҟара ахархәара амам). Аҭацаҩызеи амаҟареи ачара ду аилашымҭаз ауапа ааргон, ауапа илан асаан, асаан кны ауаа ирылсуан аҭаца лбаразы ахаршә еизго. Амаҳәи амаҳәҩызеи ачараҿы иҟаломызт, агәылара, ма даҽаџьара рҽыԥхьаркуан. Ачара анеилгалак, амаҳәҩыза аҳамҭақәа иҭаны аҩныҟа дрышьҭуан. Аҭацаҩыза лакәзар, аҭаца лҟны дыҟазар акәын амҳараҿынтә "Аҩн ду ахь диаргаанӡа" (жәохәымш), анаҩс, аҭацаҩызагьы аҳамҭа лыҭан аҩныҟа дрышьҭуан. Ҩымз рышьҭахь аҭацаҩыза ҿыц еибаганы иҟаз рахь аанҿасра даауан.

Маӡала — маӡалатәи ахаҵацара, ма аԥҳәысаагара аҭыԥ аман аҿар реибагара аиҳабацәа анақәшаҳаҭмыз, ма маӡала рхала рҭаацәарақәа ирмазҵаакәа рынасыԥ рыӡбарц ианаҿыз. Маӡала аҭыԥҳа хаҵа данцозгьы, дзыццоз ихы-иҵыхәа атәы илызгәакьаз аӡәы иалымҳәакәа, шамаха дцомызт.

Агараҿаҟәара – агараҿаҟәара иазкны Шь.Д. Инал-иԥа ишәҟәы "Этнография брачно-семейных и социальных отношений абхазов" аҿы иазгәаиҭоит, агараҿаҟәара (люлечное обручение) закәу: "Агараҿаҟәара — ари ахәыҷқәа реибагаразы, ииаанӡа мамзаргьы ианилак ашьҭахь аҭаацәарақәа рыбжьара  аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵоз ауп. Аиҳарак уи зыҟарҵоз ҩҭаацәарак ирыбжьаз аиҩызара арӷәӷәаразы ауп, ахәыҷқәа аныҩеидаслак еибагар акәын, уи мап ацәкра анаҩс ашьоура ахылҿиааун. Ас еиԥш еиқәышаҳаҭны аразҟы аӡбара арҵабаргразы агарақәа рҿаҟәон, ахаҵа иҟнытә аҭаҵа лхы иаҵарҵон ахеиҵаҵа. Зны-зынла арԥыс ихала ҿыц ииз асаби лгарагьы аниҿаҟәоз ыҟан, лҭаацәа ақәыршаҳаҭны, лшәымҭа дазыԥшуан, нас ԥҳәысс дигаразы. Агараҿаҟәара аҭаацәараԥҵаратә формак аҳасабала уажәы иаҳԥыло ҳаҟам.

Абхазская семья. Фотогравюра. - Sputnik Аҧсны
Ирҳәоит аԥсуаа ауаҩы дыԥҵәазар деиԥызшьуа ауаа ҳаман ҳәа

Ахкаршәра- ижәытәӡоу аҭаацәараԥҵаратә формақәа иреиуоу иазкны, Инал-иԥа "Этнография брачно- семейных и социальных отношений абхазов" аҿы иазгәаиҭоит: "Пулю давали той, которая выходила замуж тайком, ибо пуля, утверждают старики, в старину заменяла собой кольцо т.е свидетельство о согласии. Жених иногда посылал родителям девушки подарки "взамен бросания пули" (ахкаршәԥса). Как это видно из самого слова, эти подарки заменяли, а иногда дополняли собой обычай бросания пули, служили доказательством и обеспечением прав жениха на невесту." Ахкаршәрагьы иаҳхысыз ажәытә аамҭақәа рҿы иаанхаз ҵасуп ҳәа иҳаԥхьаӡар ҳалшоит, избаназар уажәы ахархәара аманы иҟам.

Ачмашәара- ажәытәан аԥсуаа аҭыԥҳа лзы ачма (калым) ршәон ҩ-хәҭакны. Актәи ахәҭа- "аматырбага" акәын, уи иаҵанакуан ҽык аҳамҭақәа нацҵан (иаҳҳәап, ашьаҵақәа, аҵкқәа). Актәи ахәҭа аншәахалак ашьҭахь, амаҳә аҭаца дибар илшон. Аҩбатәи ахәҭа- аҭаца лҭаацәараҿы иааргон: аҽы, абџьар, амаҭәа, афатә, аԥара. Аҳамҭақәа назгоз амаҳә иҩызцәа иқәлацәа ракәын, урҭ драԥхьагылан пату зқәырҵоз, ԥыҭк зықәра неихьаз ахаҵа. Ачмашәарагьы иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы ахархәара аманы иҟам.

Иазгәаҭатәу акы акәны иҟоуп, ишыҟоу жәынгьы-ҿангьы ԥымкрада иахьа уажәраанӡагьы изықәныҟәо ҵасқәагьы: иаҳҳәап, аҭыԥҳацәагьы арԥарцәагьы азин рымам ани- аби ирыжәлантәу иццара, иаагара. Жәлак, ма хылҵшьҭрак иатәыз рыбжьара аибагара "маҳагьароуп" ҳәа иԥхьаӡан, иԥхьаӡоуп иахьа уажәраанӡагьы. Ус еиԥш иҟаз аҭагылазаашьаҿы арԥысгьы аҭыԥҳагьы злыҵыз аҭаацәа, ауаа рыгәҭа рхы изымҩахо иҟалон, даара иарԥхашьон.

Насгьы агәыԥҳәыхш зыбжьаз аҭаацәарақәа рыбжьара аибагара ҟаломызт. Еиҳаракгьы уи аҩыза аҵас аларҵәара аман 19 ашәықәса аҽеиҩшамҭанӡа аҭауадцәеи анхацәеи рыбжьара. Агәыԥҳәыхш зыбжьаз арԥызбеи аԥҳәызбеи еибагар ауамызт, иашьеи иаҳәшьеи роуп ҳәа иԥхьаӡан. Иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿгьы уарла- шәарла акәзаргьы, уи аҵас анаҳԥылалогь ыҟоуп.

Угәы унархьыртә иҟоуп, хыԥхьаӡарала рацәак идуум, аха ҵаслеи қьабзлеи ибеиоу аԥсуа жәлар иахьырзеиқәмырхаз, иахьатәи аамҭазы иахьрымам хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз аҭаацәараԥҵаратә ҵасқәа. Аибашьра шықәсқәа рышьҭахь ҳчарақәа ракәзар, ирцәыӡуа иалагеит аԥсуа хаҿсахьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0