Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахьаагара иацу ргәалашәарақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумские башенные часы
Сухумские башенные часы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭаахьоу, знык иадымхаргьы уи аӡы агьама збахьоу, зџьынџь дгьыл зшьапы ықәзыргылахьоу, ахааны ихашҭраны дыҟам. Аԥсадгьыл амч ӷәӷәоуп, уимоу Аԥсны ԥшӡа зылаԥш ҳәааҿы иаазгахьоу, ажәала иазышәаҳәоит. Уи шьақәдырӷәӷәоит ҳзыҿцәажәоз ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ҭурҳан Ҳәымсаҵә раԥхьа Ҭырқәтәылантәи иҭоурыхтә ԥсадгьыл данаҭаа, дзықәгылаз адгьыл абыржәгьы абжьы иаҳауеит. Усҟан ииԥылаз аԥсуаа, иаҳаз аԥсшәа, ифаз аԥсуа чеиџьыка, ахааны ихашҭраны дыҟоума?!

Дженгиз Ашуба - Sputnik Аҧсны
Џьенгиз Ашәба: аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсадгьыл амаҵ ҳуроуп

"Уи сара сзы сыԥсы ҭанаҵы исыцу разҟуп. Аибашьра анцоз аамҭазы, аӷба Трабзонынтә Аҟәа ианнеи – "ах, Аԥсны абас исымбандаз", — сҳәеит. Абомбақәа ахьалаԥыржәо, амца шыра ахьыҟоу, аԥсҭҳәа еиқәаҵәақәа ахамԥар ҟалома? Ҳаԥсадгьыл ахьчара рхы- рыԥсы ақәырҵеит ҳаибашьцәа хазынақәа, рыԥсы ҭынчзааит. Дара ирыбзоураны Аԥсны Аиааира дуӡӡа агеит, ахақәиҭра аиуит. Уи узеигәырӷьо хҭысуп, аха ушьҭахьҟа уанхьаԥшлак, ихьааугаша рацәоуп. Аибашьра-ауаҩытәыҩса ихшыҩ анеилаԥсо, данхагахо аамҭоуп. Уи аԥышәара ӷәӷәа иахысит ҳауаажәлар. Уигьы лахьынҵоуп. Аԥсны ҭоурыхла иаҳҳәозар, изхысхьоу акырӡа ирацәоуп. Анцәа ҭабуп ҳәа иасҳәоит саԥсыуаны сахьишаз. Ҳаԥсуара ҳазшаз имырӡааит!".

Кадыр Аӡынба иакәзар Аԥсны аибашьра ашьҭахьҵәҟьа дааит. Акыргьы деимдеит, аԥсуа қыҭақәа ибеит, апсуа жәлар рлакҭа дҭаԥшит.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Альԥер Бганба: Аԥсны аизҳара амҩа иануп, сгәы дуны схынҳәуеит Ҭырқәтәылаҟа

"Сара сабдуцәа Ахҷыԥсантәи иааит. Саб иабду Ҳасан иоуп Аԥснынтә ахҵәара зықәшәаны Ҭырқәтәылаҟа иааз. Усҟан еицааз Аӡынбақәа жәабаҟа ҭӡы ыҟан. Ҳендеқь ақалақь, Кәарацәгьа ҳәа зыхьӡҵаны ишьақәдыргылаз ақыҭаҿы анхара рҽазыршәеит. Сара сабду Ҭаҳир ихьӡын. Ԥшьҩык ахшара иман. Аԥсны сцаны санаа ашьҭахь, аԥсышәала ажәеинраала зҩып ҳәа агәаҳәара соуа салагеит.

"Аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсадгьыл амаҵ ҳуроуп ҳаԥсы ахьынӡаҭо. Аидгылара, аибабара, аиҭынҳара, аиашьара аныҟәгара ҳара ҳаԥсуара иҳаднаҵоит", ҳәа ражәа хдыркәшеит дара.


Ажәабжьқәа зегьы
0