Амилаҭтә хәыцра шәыроуп

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖители Сухума. Архивное фото.
Жители Сухума. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа зхаану аҭоурыхтә хҭысқәа, ҳәарада, ирацәоуп. Аҟәа азышаҳаҭуп иахьа уажәраанӡа жәлар рлахьынҵамҩаҿы ирыхҭысуаз, ирыгәныҩуаз, ирԥеиԥшыз зегьы. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс 7-тәи Аизара Ду шымҩаԥысыз дазааҭгылоит Дмитри Габелиа.

Уаҵәы ԥшӡала Аҟәа агәалашәараҿы иаанхо иреиуоуп – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс 7-тәи Аизара Ду зхы алазырхәыз реиқәшәара, реицәажәара, реилибакаара. Уи акыр зҳәо хҭысуп, ҳазҭагылоу аамҭазы аԥсуа-абаза жәлар рԥеиԥш мҩа азалхраҿы иҟаҵоу аҽазышәарақәа рзааҭгыларазы, ҳасаб рзуразы, хра злоу азгәаҭақәа рыҟаҵаразы. Иара убасгьы, уажәтәи аизара хықәкыс иаман Аконгресс аструктура аҟны аиҭакрақәа рымҩаԥгара, аҩныҵҟатәи азҵаарақәа рырҽеира, аԥҟаԥҵәа аредакциа ҿыц адкылара, аиҿкаара анагӡаратә маӡаныҟәгаҩи Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи ралхра.

Ишдыру еиԥш, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс зымч ҳараку ауаажәларратә хеидкылак аҳасабала еиҿкаахеит, ишьақәгылеит ҳмилаҭ аҭоурых аҿы реиҳа ианыуадаҩыз – Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) анеилашуаз аамҭазы, октиабр 7-8 рзы. Усҟан, жәлар раԥхьагылаҩ Владислав Арӡынба иӡбамҭа инақәыршәаны, Лыхны ақыҭа ашҭа лаша ҭырҭәааны еизеит – адунеи 33 ҳәынҭқарра рҟнытә аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа хазынақәеи, Кавказ Нхыҵынтә ҳашьцәа ӷьеҩцәеи.

Аамҭацәгьа аԥшаӷьеиԥш игьежьуа аԥсуа дгьыл ианықәыз аамҭазы, урҭ реизара иаанарԥшит Аԥсны "агәы нзырхаз" рықәнага ишақәыршәахо, насгьы уи азы аешьаратә мчы еибыҭа хианы ишыҟоу. Ҳазлацәажәо ахҭыс ду адунеи аҿы иацклаԥшыз рацәаҩхеит, иазҿлымҳан мрагыларатәи ақәылаҩцәагьы… Уижьҭеи иахьа уажәраанӡа аԥсуа-абаза Конгресс ахаануп Аԥсны Аиааира ачаԥара, Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи реиҭашьақәыргылара, Ахьыԥшымра азхаҵара аиура. Убри аҟнытә, ари – зымшьҭа бзиоу еиҿкаароуп, иаԥызҵазгьы – насыԥ змоу милаҭуп ҳҳәар ҳалшоит.

Аха ҳмилаҭ рынасыԥ реидгылара аҟноуп иахьыҵәаху. Уигьы арҵабыргит ҳазлацәажәо Аконгресс уажәтәи аизара, – агәҭыхеибыҳәареи, ахшыҩеилаҵареи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш алацәажәареи аҳра ахьыруаз аныҳәаҿы.

Адунеизегьтәи VII аԥсуа-абаза конгресс - Sputnik Аҧсны
Џьемаллеҭин Арӡынба: ааӡара, ахьчара згу сабик даҳгәыдкылоуп уи - Аԥсны ауп

7-тәи Аизара Ду зхы алазырхәыз аԥсуа-абазақәа, ҳашьцәа аҟабардақәа, ҳмилаҭтә идеиа хада – ажәлари аԥсадгьыли реиқәырхара аус ԥшьаҿы ахамеигӡара аазырԥшхьоу, аринахысгьы аԥсуа бираҟ ҳацшьҭыхра иазхиоу роуп. Урҭ еицҿакны иазгәарҭоит, – амилаҭ аиқәырхаразы, аҳәынҭқарра ӷәӷәа аргыларазы аҳәоуеиқәшәареи азакәан аҳаҭыр абареи шхымԥадатәу. Убри аамҭазгьы, агәыӷра ду аадырԥшуеит, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра аргыларазы зда ԥсыхәа ыҟам азҵаарақәа иаарласны ишыӡбахо ала. Аизара ахаҭа иахылҵуаз агәалаҟазаара ҷыда иабзоураны, уи агәыӷра ахы аанарԥшуан агәрагара дугьы ацны.

Раԥхьаӡа иргыланы, иазгәасҭарц сҭахуп, хымш инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз аԥсуа-абаза Конгресс аусура иалагӡаны, зныкгьы иазааҭгыламызт атәылауаҩшәҟәы (паспорт) аҟны амилаҭ ахьӡ арбашьа азҵаара. Иахьа ҳнапаҿы иаҳку ашәҟәқәа рҿы ԥсышәала – "аԥсуа", урысшәала – "абхаз" ҳәа анану аамҭазы, хшыҩзышьҭра амазаргьы, азҵаара шьҭыхӡам – урысшәалагьы – "апсуа" ҳәа амилаҭра ашәҟәаҿы аарԥшра. Аха апроблема ахаҭаԥсаҭа ахьыҟоу уаҟа акәӡам, анаҩстәи азгәаҭаҿоуп: ажәлар рыхьӡ дара ирҳәахьеит, уи – "аԥсуа" оуп, амилаҭ ахьӡ – "абаза" ҳәа иаауеит жәытәнатә аахыс.

Аха иахьа ҳара ҳхы иаҳархәоит атәымуаа иҳарҭаз ахьӡ – "абхаз". Аиашахаҭазы иаҳҳәозар, "абхаз"-"абаза" акоуп, уажәы ҳхы иаҳархәо авариант маҷк ирҩашьоуп умҳәозар… Уи арҩашьара ус баша иҟамлаӡеит, изырҩашьазгьы рхықәкы нарыгӡеит сҳәар сҭахым аха, – ҳмилаҭ "хьыӡҳәала изеибамдыруа" ршара рылшазшәа аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Ари азҵаара, азныказы ауаҩы хшыҩзышьҭра аимҭар ҟалоит, аха умыццакыкәа уазхәыцыр, – иаҵаҵәаху еилыхха иубарҭахоит.

Ажәакала иаҳҳәозар, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿы иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа зегьы – "абаза" ҳәа ианрышьҭоу, Амшын Еиқәа аԥшаҳәа арегион аҿы ҳгәылацәа ирхәыцыз "абхаз" ариашара уажәшьҭа иаамҭазар ҟалап. Атәылауаҩшәҟәы аҟны ԥсышәала – "аԥсуа", урысшәала – "апсуа" ҳәа ашьақәыргылара мацара акәӡам иззааҭгылатәу, – амилаҭра аԥсуа вариант – "аԥсуа-абаза", аурыс вариант – "апсуа-абаза" ауп хшыҩзышьҭра зҭатәу.

Раԥхьаӡа иргыланы, уи ала ҳара ишьақәҳаргылоит ҳмилаҭ ҭоурыхтә иашахаҭала ахьӡ, нас зегь реиҳа ихадоу – аԥсуа дунеи ду иаланхо зегьы милаҭтә хьӡык рхылауеит. Азныказы, ихымԥадатәиу ари ажәалагала аӡәы изымбатәбарахар алшоит, аха амилаҭ ԥхьаҟатәи рԥеиԥш иазхәыцуа рзы хра злоу згәаҭоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Избанзар, зуасхыр ашьҭаҵара ҳадхалацәаз ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра алахьынҵа иануп аԥсуа милаҭ реизгара, раӡәыкра алыршара, ԥеиԥш дук ашҟа рнагара апроцесс аиҿкаареи амҩаԥгареи. Ус анакәха, уажәнатә уи аус ахы аарԥшра, аҽеиҿкаара алшароуп, уаҵәы алҵшәақәа ҟаларц азы.

Изеицәаҳӡои, хыхь ҳаззааҭгылаз – амилаҭ ахьӡ иашахаҭа азҵаареи, ус еиԥш хара "иқшо" егьырҭ азҵаарақәеи цәырнагоит ҳәа ҳаззыԥшыз Аизара Ду аусура хыркәшахеит. Аха агәрагараҟоуп, дук хара имгакәа ари азҵаара ауаажәларраҿы ицәыргахап ҳәа.

аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа, аҵарауаа Цира Габниаԥҳаи Асҭанда Ҳашԥҳаи - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҵарауаа: ажәларқәа ркультура аинырразы аконгресс акырӡа аҵанакуеит

Агәрагара атәы анаҳҳәа, аԥсуа-абаза Конгресс 7-тәи Аизара Ду аделегатцәа 182-ҩык (аизара иалахәыз зегьы аӡәк еиԥш), реиҿкаара Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩыс далырхит – 2011 шықәсазы инаркны иахьа уажәраанӡа абаза-аԥсуа жәлар рҿиаразы Жәларбжьаратәи аиҿкаара "Алашара" хадара азызуа – Мусса Екзеков.

Ажәакала, аԥсуа-абаза жәлар раԥхьагылаҩыс ихьӡ ҳәоуп – ауаҩы еиҿкаа, агәыҳалал, ақәҿиарақәа зқәашьу, абзиара иашьҭоу, уи "ахьыԥшаатәугьы" здыруа апатриот. Аԥсны агәыҳалалратә цхыраара аҭаразы, абаҩрҵәыреи аспорти рырҿиаразы илшарақәа рзы Муса Хабалеи-иԥа Екзеков ианашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара. Иара убасгьы, аԥсуа-абаза Конгресс амаӡаныҟәгаҩ хадас далхуп Инар Гыцба, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аспециалист, адипломат. 2014-2017 шықәсқәа рзы Ҭырқәтәыла ареспубликаҿы Аԥсны аҳәынҭқарра ахаҭарнакыс аус зуаз.

Абас ала, аԥсуа-абаза жәлар руаажәларратә еиҿкаара хада анапхгара шьаҭанкыла аҽарҿыцит, аҽарқәыԥшит, еиуеиԥшым ахадҵаҿыцқәагьы аҿаԥхьа иқәнаргылт. Урҭ иреиуоуп, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Муса Екзеков иқәгылараҿы дыззаҭгылаз амилаҭ адемографиа азҵаара: "Ҳазҭоу ашәышықәса нҵәаанӡа, Аԥсны абаза милаҭ хыԥхьаӡарала миллионҩык рҟынӡа инаӡароуп…" – иҳәеит уи. Ари даара иамбициатәу жәалагалоуп, аха ас иҟоу ахықәкқәа рықәыргылара цәшәара аҭахӡам, адгылара аҭароуп иаҭахәу.

Инар Гицба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гыцба: раԥхьатәи ашьаҿа- аԥсуаа иахьынхо аҭыԥқәа рҿы реидкылара ауп

Ҳәарада, аԥсуа-абаза Конгресс хықәкы хадас иамоуп – хәҭа-хәҭала еидыху амилаҭ реизгара, реибыҭара аус аиҿкаара. Ииашоуп, уи ус мариаӡам. Аха раԥхьаӡа иргыланы, адиаспора аҟны аԥсуаа рдоуҳатә-культуратә хәышҭаарақәа рыҩныҵҟа рҽеиҿыркаароуп, рҽеидыркылароуп, иахьазы иззыхиои иззыхиами еибырҳәароуп, анаҩсоуп Аԥсадгьыл аԥеиԥш иадҳәалоу ахадҵақәа рықәыргылареи рынагӡареи анымариахо, анаҩсоуп амилаҭтә хәыцра шьақәгыло, иара убри аамҭазгьы ахы аанарԥшуа ианалаго. Амилаҭтә хәыцра шәаанӡа, иара аҳәынҭқарра ахаҭагьы аргылара шыуадаҩхо еилызкаауа маҷӡам, аха лахьынҵак аицхәыцра ҳҽаҳаршьцылароуп, насгьы уи иаҳқәашьхароуп жәларык реиқәшаҳаҭра аҩаӡараҟны. Хымԥада, иахьа уажәраанӡа иҟаҵоу рацәоуп, аха иҟаҵатәу шьарда еиҳауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0