Аӡынтәи аԥсуа политикатә кризис

© Sputnik / Томас ТхайцукМитинг у здания парламента по вопросу выдачи Лукава
Митинг у здания парламента по вопросу выдачи Лукава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақырҭуа цәгьоуҩы Гьаргь Лукаа абахҭаҟнытә дахьоужьыз иахылҿиааз аҭыӡшәа азы лгәаанагара лҳәоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

2018 шықәса ҳанҭалеит ахынҭаҩынҭара ацәа ҳҟәынны. Ауаажәларра ишырбарҭоу еиԥш, уи мзызс иамоуп ақырҭуа цәгьоуҩы Гьаргь Лукаа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иусԥҟала дахьоужьу. 20 шықәса зықәҵаны иҭакыз агьангьаш Лукаа абахҭа иҭыжьра, егьырҭ ақырҭуа цәгьоуцәа аноурышьҭуаз шахӷәамԥхоз еиԥш, уажәгьы иаҳгәаԥхом.

Парламент. - Sputnik Аҧсны
Апарламент "аныҳәатә" спектакль

Ишәгәаласыршәоит февраль 14 2007 шықәсазы Сергеи Багаԥшь президентс даныҟаз 14 шықәса зықәҵаны иҭакыз атеррорист Леван Мамасахлиси ихы дшақәиҭтәыз.

"Мамасахлиси иоужьра апрезидент хаҭала ииӡбаз усуп, агәыҭбаара иахаҿырбагоуп", — абас ахҳәаа азиуан атеррорст иоужьра апрезидент ипресс-маӡаныҟәгаҩс иҟаз Кристиан Бжьаниа. Усҟан ари ахҭыс хырҩа азызуз, иахьа аоппозициаҿ иҟоу аполитикцәа Лукаа даноурышьҭ, ишаҳбо еиԥш аҭыӡшәа шьҭырхит, избанзар, аԥсуа политика асабрада ныҟәнагоит, ҩ-стандартк амоуп.

Зегь раԥхьаӡа иргыланы иазгәасҭарц сҭахын иахьатәи атәыла анапхгара ирывбатәу. Лукаа ихы дшақәиҭтәыз ҳара иҳаҳаит ақырҭуа информациатә хархәагақәа рыла, убри инаҷыданы, ари аҭыӡшәа анцәырҵ, ҳтәыла аофициалтә структурақәа ианаамҭаз ирылымшеит уи ахҳәаа азура.

2016 шықәсазы Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы имҩаԥысуаз аиҭныԥсахлара аԥсуа журналистцәа алахәызҭгьы, уажәы Лукаа данырышьҭуаз имырзакәа Аԥсни Қырҭтәылеи русқәа рмаӡаныҟәгаҩ Зураб Лакербаиа инапы днанҵаны доурышьҭит ақырҭуа уаҩшьҩы. Лукаа иоужьра згәамԥхаз рцәаҩхеит, избанзар, иара иџьбараз ацәгьоурақәа мҩаԥигахьан ҳтәыла аҩныҵҟа, аморалтә ган ала ҳахәаԥшуазар, ас еиԥш иҟоу ауаа ранажьра гәаӷьыуацәоуп. Ари иазкны аинформациа ақырҭуа ган ала ианцәырҵ, зегь раԥхьаӡа иргыланы ажурналистцәа азҵаарақәа шьҭаҳхуа ҳалагеит, дышԥарышьҭи, дзыҭнырыԥсахлада, избан ауаажәларра ианаамҭаз изрыларымҳәаз ҳәа.

Аиашазы, Аԥсны анапхгара Лукаа иоужьра азҵаатәы азы, амчра иазгәаҟуа аоппоициатә мчқәа ргәашә иаалагылаанӡа, Лукаа ишьҭра ахҳәаа арымҭеит.

Аоппозициатә мчқәа ракәзар, анкьа амчраҿ ианыҟаз апаспортизациеи, ацәгьоуцәа реиҭныԥсахлареи ақәҿырымҭуазтгьы, уимоу иадгылозтгьы, ари аҩыза "аҳамҭа" атәыла анапхгара рҟынтәи ианроу, ахаан ирмаҳац акәызшәа атема аашьҭԥааны аамҭа-аамҭала апрезидентцәа рамхаразы ажәлар ахьеизырго, ҳтәыла ахада иусбарҭеи, Жәлар реизара ахыбреи аганахь рҿынархеит. "Абна амца акуашәа анырба" амчраҿ иҟогьы, адепутатцәагьы Лукаа иоушьҭра азҵаатәы иазааигәаханы алацәажәара иалагеит, атәыла ахадагьы аинтервиу мҩаԥигеит, азиндырҩцәагьы дырцәажәеит, амчра иашьҭашәарыцо аполитикцәагьы рыбжьы рдуны идыргеит.

Азакәан атәы ҳҳәозар, аԥышәа ду змоу, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азиндырҩы Зураб Барцыц иқәгылараҿы иҳәеит "Аконституциа 53-тәи ахәҭаҷ апрезидент азин инаҭоит ихатә қәҵарала абаандаҩы иоужьра, амнистиа ҳәа изышьҭоу изура" ҳәа.

Маски - Sputnik Аҧсны
Атеатр ацәа зыҟәну аполитика

Аиашазы, иахьа адунеи зегь зхәаԥшуа аӡынтәи аԥсуа политикатә кризис иаанахәеит, амчрахь анеиразы ақәԥара ҟазшьас измоу аҭагылазаашьа. Ианвар 5 2018 шықәсазы имҩаԥысуаз Жәлар реизаара изаамҭанытәым аилатәараҿы адепутатцәа ирыдыркылаз аҳәамҭа иаҳнардырит, ари аус макьаназы еиҿкаашьа змауц Аконституциатә усӡбарҭа шакәу иахәаԥшырц зылшо. Уаҟа зҵаатәы хадасгьы иқәгылароуп "Апрезидент азакәан еилеигоу еилеимгоу Лукаа амнистиа анизиуаз?". Ари даара иус бзиахон, ҳара азакәан аганахьала аусқәа рыӡбара амҩа ҳанылозар, аха ахҭысқәа ишахдырбо ала, ихарҭәаам Аконституциатә усӡбарҭа аӡбаҩ далхны азҵаатәы ахәаԥшра аҟынӡа аамҭа анагара зҭахым аполитикцәа ыҟоуп.

Жәлар реизара адепутат Рауль Лолуа ааԥхьара ҟаиҵеит "апрезидент ԥхьатәара дцаанӡа" аимпра шаҭахым азы. Адепутат Ильиа Гәниа Жәлар реизара иаднакылаз адәахьы еизаны игылаз ажәлар ианрылеиҳәа ашьҭахь, иаацәырыргеит, аԥсуа политикцәа зышьцылахьоу "Апрезидент ԥхьатәара дцароуп" захьӡу алозунг.

Ас еиԥш иҟоу аҳәамҭа анцәырҵлак, агәырқьҳәа бираҟҵас ишьҭызхуа ҟалоит, заа апрезидент иҟәардә иеиԥхыӡуагьы, уаҵәы абри ҳтәыла иаԥырхагахома ҳәа имхәыцқәа амчра аԥсахра аус азыруа иалагоит. Зегь зыхҟьаз ақырҭуа цәгьоуҩы Лукаа аҩбатәи аплан ахь диасуеит, актәи апозициахь иааиуеит аҟәардә аиҩаӡара аус.

Кресло. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-шьагәыҭк змоу аҟәардә

Абас ауп ишызбо, Аԥсны еиуеиԥшым ахҭысқәа зыблала избахьо ауаҩы лаҳасабала ҳтәылаҿы иҟалаз аӡынтәи акризис. Аҳәара уадаҩуп аԥсуа политикцәа Лукаа иоужьра иазку аус Аконституцатә усӡбарҭа аӡбаха арҭоу иарымҭоу, аха 2004 шықәса раахыс ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аибарххарақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ражәлара, апрезидент иаамҭа нҵәаанӡа иԥсахра уҳәа реиԥш иҟоу амҩа даҽазнык анылара — ҳара ҳзырҿио хырхарҭам.

Иахьатәи амчра уеигәырӷьаратәы иауҟахыу, даҽазнык урҭ абжьы рыҭара гәаӷьыуацәуп аиашазы, аха сара сахьынхо аҩны ааигәара аоппозициатә мчқәа рофис иакәаӷӷа игылоу "алексусқәа" ссоф хәыҷ аҟынтәи санрыхәаԥшуа сгәы азҩоит, џьахаџьафарыла инхо ажәлар рыԥсҭазаара урҭ амашьына хазынақәа рыԥшәмацәа уамак хьаас ишрымам, аха амчраҿ аҟазаара иацу ахаара аргьежьразы, мамзаргьы амчраҿ аҽынкыларази аполитикцәа идмырҿио иҟоузеи?! Уажәы амчраҿы иҟоу апаспортизациа атема шьҭԥааны, усҟантәи апрезидент иаамҭа ааиаанӡа ԥхьатәара дрышьҭит, амала уи апаспортизациа азы иахьдырхәыз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Уажәы Лукаа итема шьҭԥааны амчра иеиҩаӡо уа изнеигәышьар шәаргьы саргьы ҳархашҭны, русқәа инарылагашт, ҳҳәынҭқарра иабахәо ҳамҳәозар…

R.S. 25 шықәса раԥхьа Аԥсны Аџьыньтәылатәи аибашьра аамҭазы имҩаԥган ианвартәи ажәылара, усҟан уи аԥсадгьыл ахақәиҭтәра иазкын, уи рхы акәырҵеит 37-ҩык аԥсуа еибашьцәа, ихәын шәҩык инарзынаԥшуа. 2017 ш имҩаԥгаз аполитикатә жәылара амчрахь анеира иазкуп. Аамҭа аҽшԥаԥсахуеи?! Хашҭра рықәымзааит ианвартәи ажәыларазы иҭахаз ҳаибашьцәа!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0