Аӡбаҩцәа рҟынтәи "аҳамҭа"

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны изныкымкәа ацәгьоуцәа абахҭа ашә аартны, ԥықәслара рымамкәа ибналаны ицахьеит. Убри аан абаандаҩцәа ирхылаԥшуа, уи азы аҭакԥхықәра зду шамаха иахьдырхәуам, ҳәа лгәаанагара ыҟоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Азнаказы ауаажәларра ари рзымбатәбараха иааҟалоит, аха нас иааҭынчрахоит, апрокуратура аҟынтәи еснагь иҳаҳауа "аусҭҵаара нап аркуп" инаҷыдаханы шамаха иахьдырхәыз аӡәгьы дҳаздыруам. Ибзианы исгәалшәоит аибашьра ашьҭахь арепатриант, аибашьра аветеран Џьазми Кәыҿба иашьеи иареи зшьыз, наунагӡа аҭакра зықәҵаз ацәгьоуцәа абахҭа иҭыҵны ианцаз, амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа "абахҭа аҭӡамцқәа мҳаҵәла икылжәаны ибналт", — ҳәа илаламбатәыз аҳәамҭа ҟарҵеит усҟан.

Милиция. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Ҳа ҳмилициа, ҳа ҳзыхьчо

Ажәакала, Аԥсны абахҭа аҟынтәи ацәгьоуҩы дыбналеит ҳәа, ахылаԥшра зду хьырхәра дук роуны иҟалом шамаха, уи аамҭазы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс аус зуагьы иҟәардә ахьгылогьы иҵысуам, зхала игәаӷьны ԥхьатәара ицахьогьы даҳгәалашәом аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаараҿы абас еиԥш игәаӷьыуацәо ахҭысқәа анымҩаԥыслак.

Изгәалашәо маҷҩым 2015 шықәсазы Аиааира амш ауха цәыббра 30 рзы, ақырҭуа цгьоуцәа Хасиа Беӡинеи Хазалиа Бачои Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистраҿы аамҭалатәи аанкылараҭаҿы иҭакыз бналаны ишцаз. Иахьа уажәраанӡагьы еилкаам ус иахьыҟалаз азы ахара зыдҵоу азусҭцәоу. Усҟан амчратә усбарҭақәа русуҩцәа "абаандаҩцәа ахьҭакыз, ацинкарқәа рыла еибаркыз адашьма баан",- рҳәеит ателехәаԥшраҿы ианықәгылоз. Иџьоушьаша, абаандаҩцәа Хасиеи Хазалиеи, уаанӡа 2012 шықәсазы Драндатәи абахҭа аҟынтәи ибналахьан.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Аӡбаҩцәа рҟынтәи "аҳамҭа"

Анаҩсан 2016 шықәсазы иара убри аамҭазы Аиааира амш ауха Драндатәи абахҭа аҟынтә ибналеит даҽа хҩык ацәгьоуцәа: Гурам Инаԥшьба, Бачуки Латариа, Реваз Угрехвелиӡе. Усҟан министрс иҟаз Аслан Кобахьиа иқәгыларақәа рҿы иазгәеиҭеит "ибналаз ацәгьоуцәа Қырҭәылаҟа ицеит, аха рыбналара амилициа аусуҩцәа алахәымкәа иҟалом" ҳәа.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Абахҭа ҩ-шәык анҿоу…

Абасала, аԥсуа бахҭа аҭыҵра марианы иҟалеит иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарраҿы. Ари аҵыхәтәантәи ахҭыс азы, "рнапынҵақәа рзынамыгӡеит, рус хырҩа азыруит" ҳәа ахара рыдырҵеит Драндатәи абахҭаҿы аус зуаз хҩык амилициа аусуҩцәа: Дмитри Аиба, Рачик Саакиан, Мераб Воуба.

Абар мышқәак раԥхьа Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ахара здырҵоз амилициа аусуҩцәа рус иахәаԥшит. Аӡбаҩцәа зус ззынамыгӡаз амилициа аусуҩцәа "ҳаҭырқәҵарыла ирызныҟәаны" руаӡәы Аиба 50 нызқь мааҭ иқәныркылеит, иара убас ҩышықәса амчратә усбарҭақәа рҿы аусура азин имам. Саакиани Воубеи ракәзар, еиҳа ирыцҳаршьазар акәхап, 30 нызқь мааҭ аҳәынҭқарра иахырыԥхьаӡалароуп аӡәаӡәала, насгьы шықәсык азин рымам амчратә усбарҭақәа рҿы аусура. Уаанӡатәи аминистр Кобахьиа имаз агәҩара иашазар, иара аӡбарҭагьы арҭ амилициа аусуҩцәа ахара рыдуп ҳәа иаԥхьаӡазар, избан ас иҟәымшәышәу ахьырхәра зроуз зус рыӡбоз ауаа?

Шәхаҵкы, хәыда-ԥсада абаандаҩы ашьшьыҳәа абахҭа дҭыҵны дцо иҟаларызма? Иҳаздыруам аӡбарҭаҿы апрокуратуреи, аӡбаҩцәеи, адукатцәеи рықәгыларақәа рхы ахьцоз, аха ари аҩыза аӡбамҭа хьаҳәа-ԥаҳәада агәра ҳнаргоит, абахҭа иахылаԥшуа амилициа аусуҩцәа аринахысгьы рус хырҩа азырулар шауа, избанзар, иацӡам игәаӷьыуацәо аҭакԥықәра. Аҭакԥхықәра зцым аус уамак ибаргәым, даҽазныкгьы ус уныҟәар алшоит. Иахьа ахара здырҵаз амилициа аусуҩцәа ракәзар, ршәахтә аашәаны, шықәсыки ҩышықәсеи рнаҩс, абахҭахь ҷаԥшьара игьежьыр рылшоит.

Аҳәара уадаҩуп, апрокураратура Гәылрыԥшьтәи аӡбаҩцәа ирыӡбаз иаҿагылоу, иаҿамгылоу, аха ари аҩыза ахьырхәра ҳамҭак иаҩызоуп аӡбаҩцәа рҟынтәи. Аԥсны иҭаку ақырҭуа цәгьоуцәа ракәзар, ԥынгыла рымамкәа Аиааира ду аназгәаҳто амшқәа рзы ҳбахҭа инҭыҵны ицалап…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0