Акәашаратә ансамбль «Аҷандара» Жәларбжьаратәи афестиваль иалахәхоит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Санкт-Петербург. Архивное фото.
Города России. Санкт-Петербург. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Аҷандара» XI-тәи Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра «Ҳәаа змам» иалахәхоит.

ГӘДОУҬА, абҵ 4 – Спутник Аԥсны. Афестиваль мҩаԥысуеит абҵара ԥшьба инаркны аабанӡа, Санкт-Петербург ақалақь аҟны. Аԥснытәи арҿиаратә коллектив ааԥхьара рылҭеит афестиваль анапхгаҩы Ольга Михеева.

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рфестиваль аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи хықәкыс иамоуп жәлар рыкәашарақәеи, рытрадициақәеи, рмилаҭтә ҷыдарақәа реиқәырхареи, насгьы аҟазара абзоурала ажәларқәа ркультуратә еимадарақәа рырӷәӷәареи реиҩызареи.

Ансамбль амҩа иқәлаанӡа Руфеҭ Дасаниа ихьӡ зху Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны агәаҭаратә концерт мҩаԥыргеит. Ансамбль асахьркыратә напхгаҩы Адгәыр Кәарҷелиа иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу афестивальқәа рылахәхара аԥсуа хәыҷқәа рзы иаҵанакуа рацәоуп, асцена ду иашьнарцылоит, рԥышәа еизнарҳауеит. «Ари афестиваль ашьҭахь ҳара ҳазхәыцуеит Ростов, Воронеж ақалақьқәа рҿгьы аконцертқәа рымҩаԥгара», – иҳәеит иара.

© Фото : Рада ЖибаДетский танцевальный ансамбль «Ачандара» отправляется на Международный фестиваль в Санкт-Петербург.
Детский танцевальный ансамбль «Ачандара» отправляется на Международный фестиваль в Санкт-Петербург. - Sputnik Аҧсны
Детский танцевальный ансамбль «Ачандара» отправляется на Международный фестиваль в Санкт-Петербург.

Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Аҷандара» еиҿкаан хәы-шықәса раԥхьа Аҷандара ақыҭа ахада Витали Џьениа иаԥшьгарала. Уи асахьаркыратә напхгаҩы Адгәыр Кәарҷелиа – Аԥсны акультура аҿиара иазааԥсахьоу, ансамбль «Шьараҭын» акәашаҩ, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп.
Ансамбль акәашаратә фестиваль ралахәхара алыршахеит Аԥсны аиҳабыра иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0