Аԥсны аартуп Донецки Лугански Жәлар Республикақәа аус рыцуразы

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны аартуп Донецки Лугански Жәлар Республикақәа аус рыцуразы
Аԥсны аартуп Донецки Лугански Жәлар Республикақәа аус рыцуразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәии Лугансктәии Ареспубликақәа аус рыцура аинтерес аҵоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит Аԥсны анаԥшыҩцәа рделегациа иалаз.

АҞӘА, абҵ 14 — Sputnik. "Донецки Лугански аагалыхратә республикақәоуп, уи аҟнытә Аԥсназы аинтерес аҵоуп дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. Сгәы иаанагоит, ҳусура хырхарҭа рацәала имҩаԥыслар ҟалоит ҳәа, иаҳҳәап арацәа аҵхраҿы", — иҳәеит Донецки Лугански имҩаԥысуаз алхрақәа рҿы Аԥсны анаԥшыҩцәа ргәыԥ иалаз  Жәлар Реизара адепутат, Фазлыбеи Аҩӡба.

"Донецки Лугански рҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, афатәи, аӡи, амаҭәеи рзымхара ыҟоуп. Аԥсны Ахадара ргәы иҭоуп арҭ ареспубликақәа рҿы инхо ауаа ацхыраара рыҭара. Ахҵәацәа рзы Аԥсны рыԥсшьара аиҿкаараз агәҭакқәа ыҟоуп", — иҳәеит Аҩӡба.

Анаԥшыҩцәа ргәыԥ иалаз, Жәлар Реизара адепутат Ахра Кәакәасқьыр иҳәеит, аҭыԥантәи ауаа шадгыло Донецки Лугански ихьыԥшым республикақәаны рыҟазаара.

"Аҭагылазаашьа уаҟа акыр иуадаҩуп. Луганск еиԥҟьарада иалахысуеит, аӡи афымцалашареи ыҟам, ауаа нхара ииасуеит ақалақь акалҭахь рхы рыхьчарц", — иҳәеит Кәакәасқьыр.

Аԥсны аделегациа иалаз иазгәарҭеит, Донецки Лугански Жәлар Республикақәа рхьыԥшымраз рықәԥара иалҵшәаны ахақәиҭра шроуа, аха уажәазы зегь раԥхьа игылоу аибашьра аанкылара шакәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0