Еилкаауп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа 2014 шықәсазы иаԥсахаз

© Sputnik / ПрохоренкоЕилкаауп Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа 2014 шықәсазы иаԥсахаз
Еилкаауп Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа 2014 шықәсазы иаԥсахаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра Ахада ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩҩит Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиақәа ранашьаразы.

АҞӘА, абҵ 17 – Sputnik. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа аӡбара инақәыршәаны, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩҩит.

Ақәҵарақәа инарықәыршәаны апремиақәа ирыԥсахеит: аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, адоцент Аслан Аҩӡба иусумҭа "Проблемы военно-политической истории Отечественной войны в Абхазии (1992-1993 гг.)" азы; Афилософиатә наукақәа рдокторцәа, апрофессор Кахун Гожеви, афилософиатә наукақәа ркандидат Иван Ҭарбеи рмонографиақәа "Подсознание, сознание, самосознание", "Сознание и самосознание – этническое и национальное (социально-философский континуум)" рзы. Афилологиатә наукақәа рдоктор, ААРи АМАНИ ракадемик, Сергеи Зыхәба имонографиа "Аԥсуа мифологиа" азы.

Аҭҵаарадырразы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа еиҿкаан мшаԥымза 27, 2004 шықәсазы Аԥсны Ахада иқәҵарала.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0