Ԥшьҩык ауаа ҭахеит амҩатә машәыр иахҟьаны

© Sputnik Томас ТхайцукԤшьҩык ауаа ҭахеит амҩатә машәыр иахҟьаны
Ԥшьҩык ауаа ҭахеит амҩатә машәыр иахҟьаны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥшьҩык ауаа ҭахеит иаха Гәылрыԥшь араион аҟны иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны.

АҞӘА, ԥхҷ 9 – Sputnik. Иаха Дранда аҳаблаҿы автомашьынақәа рааихара иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Амҩатә машәыр ҟалеит ҵхагәҭаны, иааихеит автомашьынақәа "Мерседеси",  "Жигулии".

Автомашьына "Жигули" аԥсҟы зкыз Мизан Адлеибеи уи ицыз Рауль Ҵәыџьбеи Иракли Чалигәааи иара уаҵәҟьа иҭахеит.

Автомашьына "Мерседес" арныҟәцаҩ Артур Аншбеи уи ицыз хҩык апассаџьырцәеи Аҟәатәи ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаган. Аха иоуз аахақәа ирыхҟьаны Дженер Аџьынџьал иԥсҭазаара далҵит.

Амҩатә машәыр аҟны ԥшьҩык ауааԥсыра рҭахара инамаданы Гәылрыԥшь аҩнуҵҟатәи аусқәа русзуҩцәа еиҿыркааит аҭҵааратә гәыԥ.

 

 
Ажәабжьқәа зегьы
0