Аԥсны аҭыԥантәи алхрақәа рымҩаԥгара ииагахоит 2016 шықәсахьы

© Фото : ТомасТхайцукАԥсны аҭыԥантәи алхрақәа ииагахоит 2016 шықәсахьы
Аԥсны аҭыԥантәи алхрақәа ииагахоит 2016 шықәсахьы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи алхрақәа Аҟәеи Аԥсны егьырҭ араионқәа быжьбеи рҿы имҩаԥысуеит 2016 шықәсазы. Уажәы аус зуа ахаланапхгаратәи аусбарҭақәа алхын 2011 шықәсазы, руснагӡара ԥшьышықәса аамҭа аманы. Алхрақәа рымҩаԥгара азгәаҭан 2015 шықәсазы.

АҞӘА, ԥхҷ 10 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәлар Реизара аҿаԥхьа азҵаара ықәиргылеит  2015 шықәса жәабранмзазы имҩаԥысраны иҟаз аҭыԥантәи алхрақәа ииагазарц 2016 шықәса мшаԥымзахьы.

Аҭыԥантәи алхрақәа мҩаԥысуеит Аҟәеи Аԥсны араионқәа быжьбеи рҿы. Уажәы аус зуа ахаланапхгаратәи аусбарҭақәа алхын 2011 шықәсазы, руснагӡара ԥшьы-шықәса аамҭа аманы. Алхрақәа рымҩаԥгара азгәаҭан 2015 шықәсазы.

"Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп аҭыԥантәи алхрақәа хырҳага шрылам Аԥсны аконституциатә реформа мҩаԥысраны иахьыҟоуи, атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа ралагалареи ахьазгәаҭоу азы", — абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Жәлар Реизара аҟынтәи ахыҵхырҭа.

Уи аԥхьаҟа Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аконституциатә реформақәа рымҩаԥгара дшазхиоу иҳәахьан.  

 

 

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0