Ашықәс арҵаҩы далкаан аҳәынҭқарратә филармониаҿы

© Sputnik Томас Тхайцук"Арҵаҩы имш" азгәарҭеит Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы
Арҵаҩы имш азгәарҭеит Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Арҵаҩы имш" азгәаҭараан иалкаан 2014 шықәсазы иреиӷьу арҵаҩцәа.

АҞӘА, ԥхҷ 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҳазҭоу ашықәсазы иреиӷьу арҵаҩы ҳәа далкаан Ҷлоутәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи арҵаҩы Џьапуаԥҳа Марина Владимир-иԥҳа.

Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы Нелли Маанԥҳа лыхьӡ зху арҵаҩцәа рҟазаратә конкурс "Ашықәс арҵаҩы" аихшьаалақәа ҟаҵан, иалкаан, аҳамҭақәагьы рыҭан аиааира згаз алауреатцәа. Аныҳәатә хәылԥазы иалахәын Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтә ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи, иреиҳау аҵараиурҭақәеи рырҵаҩцәа.

Аԥсны Ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа еизаз дырзаԥхьеит Рауль Ҳаџьымба идныҳәалара. "Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, шәара шәдырра, шәԥышәа ахәшьара ҳарак змоу шәџьабаа Аԥсны аҳәынҭқарра арҿиарамҩа иахәҭакуп. Шәара еиҵашәааӡаз абеиԥарақәа рахьтә аӡәырҩы Аԥсны мацара акәымкәа уи анҭыҵгьы еицырдыруеит, ҳаҭыр ду рықәуп", — ҳәа ануп адныҳәалара ахәҭак.

Аԥсны аҳәынҭқарра аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр Адгур Какоба иқәгылараан иазгәеиҭеит арҵаҩы изанааҭ зегь раҵкыс аџьабааи, аҭакԥхықәреи зцу шакәу.

"Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Ҿыц ашьақәгылара иаҿу, зхы иақәиҭу ҳҳәынҭқарра ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп аҵарадырра, избан акәзар, уаҵәтәи амш зтәу — хшыҩла еибыҭоу, дыррала иҭәу, есааира ԥхьаҟа ицо атехнологиа ҿыцқәа зыӡбо аҿар роуп", — иҳәеит аминистр.

Адгур Какоба дрылацәажәеит аҵарадырраҿы иҟоу ауадаҩрақәа, урҭ рахьтә ихадоуп ҳәа иԥхьаӡоит аҵарадырра мҩақәызҵо азакәан ҿыц аҭахызаара, иара убас азҿлымҳара ҷыда шрыҭатәу ақыҭа ашколқәа. Аминистр иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи ааигәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ҳҵарадырра арҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа шаԥнаҵо.


Ажәабжьқәа зегьы
0