Аԥсни Урыстәылеи ролимпиатә комитетқәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсни Урыстәылеи ролимпиатә комитетқәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит
Аԥсни Урыстәылеи ролимпиатә комитетқәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи амилаҭтә олимпиатә комитети Урыстәыла олимпиатә комитети аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара ргәы иҭоуп.

АҞӘА, ԥхҷ 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны амилаҭтә олимпиатә комитет хара имгакәа Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩырц азы инанашьҭуеит Урыстәыла аолимпиатә комитет ахь аиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы ишьҭхо ааԥхьара. Абри атәы  Sputnik  акорреспондент изеиҭеиҳәеит АОК ахада Валери Аршба.

Аршба еиҭеиҳәеит аиқәшаҳаҭра апроект 2012 шықәса раахижьҭеи ихианы ишыҟаз, аха уаанӡатәи аиҳабыра ахаҵгылара шарымҭоз.

"Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит аспортсменцәеи, азыҟаҵаҩцәеи рзы аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара, еиуеиԥшым аконференциақәа рымҩаԥгара, уи иабзоураны Аԥсны ахаҭарнакцәа рԥышәа еизҳауеит", — иҳәеит Валери Аршба.

Амилаҭтә олимпиатә комитет ахада иазгәеиҭеит Аԥсны АОК ихадоу ауснагӡатәқәа ишырхадоу Жәларбжьаратәи олимпиатә комитет алалара. Иҳәеит ааигәа ари аспорттә структурахь ишрыдыркылаз Косово.

"Аспорт аҿы аихьӡарақәа урыхәаԥшуазар, ҳара иаҳа иҳахәҭоуп ЖӘОК алаларазы, аха Косово ирымоу адгылара ҳара иахьазы иҳамам, убри иахҟьаны ауадаҩрақәа ҳазцәырҵуеит", — иҳәеит уи.

Валери Аршба дазааҭгылеит ас еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа егьырҭ атәылақәеи Аԥсни рыбжьара аҵаҩра шалшо. Уи иабзоураны Аԥснытәи амилаҭтә олимпиатә комитет Жәларбжьаратәи олимпиатә комитет алаларазы алшарақәа шеиҳахо иҳәеит Аршба.

Аԥсны амилаҭтә олимпиатә комитет еиҿкаан 2001 шықәсаза.

Ажәабжьқәа зегьы
0