Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз жәаҩа ҭаацәара ауаҭахқәа рзылхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Хьрыԥс Џьоупа
Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Хьрыԥс Џьоупа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылеи Ҟарачы-Черқьессиеи рҟынтә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз жәаҩа ҭаацәара ауаҭахқәа рзылхуп Маҷара ақыҭаҿы.

АҞӘА, ажь 12 – Sputnik, Анжелика Бениа. Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳашьцәа рҟынтә даҽа 12 ҭаацәара ауаҭахқәа рзылхуп, иаарласны рхатә уадақәа ирыҩналоит, ҳәа ааицҳаит Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Хьрыԥс Џьоупа.

Гәылрыԥшь араион ахь иаҵанакуа Маҷара ақыҭан арепатриантцәа рзы ҩ-еихагылак змоу аҩн ҿыц аибыҭара хыркәшоуп, иахәҭоу аҩнымаҭәеи, атехникеи ҩнагалоуп, афымцалашареи аӡыи рыла еиқәыршәоуп.

"Ари акыр аџьабааи ауадаҩрақәеи зцыз усын. Аха ихадароу уи акәӡам, ҳашьцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь аара рҭахуп, убри оуп ихадароу. Ҳара иаҳуалуп дара рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара", – иҳәеит Џьоупа.

Иҳаҩсыз ашықәсазы ауаҭахқәа роуит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз арепатриантцәа. Уажәазы – ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәеи ҿыц иаԥҵаз аҭаацәарақәеи.

"Аԥсны – аԥсуа иԥсадгьылоуп. Адунеи иалаԥсоу ҳашьцәа рыԥсадгьыл ахь иҳархынҳәыр милаҭк аҳасабала ҳаӷәӷәахоит. Уи имариоу ак акәым, аха иҳалшахьоугьы рацәоуп", – ҳәа азгәеиҭеит аилак ахантәаҩы.

Арепатриантцәа анхарҭа рыҭара апроцесс иҳаҩсыз ашықәсазы иалагеит. Иахьазы х-нызқьҩык инарзынаԥшуа арепатриантцәа рхатә уаҭахқәа рымоуп. Хәажәкыра мзазы ихыркәшахоит Алашарбага аҳаблеи Гәылрыԥшьи ауаҭахрацәа змоу аҩнеихагылақәа рыргылара. Уи ашьҭахь даҽа 80 ҭаацәара рхатә уаҭахқәа роуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0