Кәарацхьелиа: Европатәи Ачемпионат аҟны Аԥсны ишахәҭоу еиԥш иқәгылоит

© Фото : ФФААԥсны Еиду Амилаҭтә еизгеи "Кубань" акомандеи . Архивтә фото.
Аԥсны Еиду Амилаҭтә еизгеи Кубань акомандеи . Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еиду ашьапылампыл азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарцхелиа Sputnik акорресподнет изеиҭеиҳәеит амилаҭтә команда рашәара имҩаԥысраны иҟоу иазхаҵам атәылақәа рыбжьара ашьапылампыл азы Европа Ачемпионат аҟны ралахәхара алаԥшҳәаасахьа.

Џьума Кәарацхьелиа, Аԥсны еиду ашьапылампыл акоманда разыҟаҵаҩ хада Sputnik аиҿцәажәараан еиҭеиҳәеит ҳкоманда аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго ааигәа имҩаԥысран иҟоу  иазхаҵам атәылақәа рыбжьара Европа Ачемпионат рыҽшазыҟарҵо. Аиҿцәажәара мҩаԥигон Бадраҟ Аҩӡба.

— Џьума Уасил-иԥа, ашьапылампыл азы Европатәи Ачемпионат аҟны Аԥсны еизгоу акоманда аҿаԥхьа хықәкы хадас иқәгылоузеи?

— Аԥсны аҿаԥхьа иреиҳаӡоу ахықәкы хадақәа ықәнаргылоит, акоманда ачемпионат аҟны рыхәмарра ала азгәыбылыҩцәа дыргәырӷьап ҳәа сгәыӷуеит. Агәра згоит, ҵыԥх Европатәи ачемпионат ахҭыс ҽазны ишыҟамло: усҟан 12-ҩык алахәылацәа ачемпиоат ахь изымцаӡеит, авизақәеи, атәылауаҩшәҟәқәеи ирыхҟьаны, аха ус шакәызгьы агәыԥ аҟны ишақәнагаз ихәмарит. Иааиуа атурнир ҳҽазыҟаҳҵоит, аизгарақәа мҩаԥаҳгоит, афизикеи атехникеи аус рыдаҳулоит. Сгәы иаанагоит, Англиа атәылаҟны Швециа ҳаныҟаз аасҭа иҳақәҿиап ҳәа ахәмарра, уи азы аҭагылазашьа ыҟоуп. Ахәмарыҩцәа ргәалаҟазаара бзиоуп, адунеитә футболтә дәы аҟны ахәмарра азы ирымоуп аԥышәа, алҵшәа бзиақәа раарԥшра иазыхиоуп. Аԥхьагылара алҵшәақәа рыла, сгәы иаанагоит, Аԥсны еизгоу акоманда аԥхьахәқәа зго х-командак рхыԥхьаӡараҟны аҟазаара алшара рымоуп ҳәа. 

— Еизгоу акоманда ихадоу ахәмарыҩцәа атурнир зегь рхы рзалархәуама?

— Ҳчемпионат хәажәкыра анҵәамҭазы иалагоит. Амилаҭтә хәмаррақәа иаҳдырбоит ахәмарыҩцәа рылшарақәа, урҭ алҵшәақәа рыла иҳаӡбоит Европа Ачемпионат ахь иаҳашьҭуа зусҭцәахо. Урыстәыла ихәмаруа ашьапылампыласыҩцәа рҟынтә ааха иоуит Руслан Џьынџьал, иара ишьапы ԥиҵәеит, аха уажәы иара игәабзиара ашәарҭа иҭагылаӡам. 

— Иарбан схемоу изықәныҟәо Аԥсны еизгоу акоманда?

— Ҳара ашьпылампыл аҟны еиуеиԥшым асхемақәа ҳрықәныҟәоит. Амала ахәмарратә схема иҳамоу ахәмарыҩцәа урҭ асхемақәа рықәныҟәара азхиара, рылшарақәа ирыдҳәалоуп. 

— Иҳашәҳәа, иарбан уадаҩрақәоу шәаԥхьа иқәгылоу, урҭ ӡбашьас ирымоузеи? 

— Ҳәарада, раԥхьаӡа акәы иқәгылоуп афинанстә цхыраара апроблема. Аспорттә лагала – уи уаҵәтәи Аԥсны аԥеиԥш агәабзиара ауп. Ааигәа Аԥсны Ахада иҟны ҳаҟан, иара иаԥхьаҟа ашьапылампыл аҿиара дшацхраауа ажәа ҳаиҭеит. Ашьапылампыл – зыхә ҳараку гәахәароуп, иахьазы Аԥсны ачемпионат аклубқәа ныҟәызго аҳәынҭқарроуп, ауалафахәы ыҟоуп, апремиақәа, зегьы рҿеиԥш, амала ахыԥхьаӡара зынӡа ихәыҷуп Мраҭашәареи Урыстәылеи иаҿҳарԥшуазар. Афинанстә цхыраара еизырҳатәуп. 

— Амилаҭтә команда аинфраструтура азы аусқәа шԥацо?

— Даара иаҳҭахыуп аизга азы ашьаҭа, автобус. Ҳара ҳгәыӷуеит ари апроблема аҟны аҳәынҭқарра ацхыраара ҳанаҭап ҳәа.

— Аԥсны еизгоу акоманда Европа Ачемпионат аҟны аиндаҭлаҩцәа рыҩаӡара шәышԥазыҟоу? 

— Хә-балкны иҟоу аҩаӡарала исҳәозар ԥшь балк рысҭоит. Избан акәзар ҳара ҳрыцхәмархьеит урҭ акомандақәа. Иаагап, адунеи Ачемпионат аҟны Лапландиа еиду акоманда, ҳара ҳаԥхьа зныкгьы иаҵамхаӡацызт, аха ҳара ҳариааит. Ҳара ҳкомандақәа даара иӷәоуп, абаҩхатәра злоу аҿар ҳааӡоит, сара агәра згоит азыҟаҵаҩцәа Беслан Гәыблиа, Роман Ҳагба, Ҭамаз Еныкь, Џьамал Гәбаз, Саид Ҭарба, Георги Чалигаа  реиԥш иҟоу рыбзоурала Аԥсны ашьапылампыл еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахо.

Ауадаҩра хәыҷқәак шҳамоугьы, ргәы камыжькәа Аԥсны аспорт ҿиарц азы аусура иаҿуп, уи азы сара иҭабуп ҳәа расҳәоит. Аԥсны ашьапылампыл еиҭаҿиап  ҳәа сгәыӷуеит, уи атәы агәра ҳиргеит аҳәынҭқарра Ахада, избан акәзар аспорт ҳтәыла азы феида злоу хырхарҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0