Аԥсны амаамынқәа абна рықәынхара апроект азыҟаҵара иаҿуп

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәатәи апитомник амаамын.
Аҟәатәи апитомник амаамын. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут амаамынқәа Гумсҭа абна рықәынхара апроект азыҟаҵара иаҿуп.

АҞӘА, жьҭ 22 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Амаамынқәа 50 цыра Гумсҭа мраҭашәара абнахь иоурыжьует, иҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут Зураб Амқәаб.

"Аԥсабаратә ҭагылазаашьаҟны рхымҩаԥгашьа аҭҵаара алшара ҳамазаауеит. Ари раԥхьаӡа акәны афизиологцәеи егьырҭ аҭҵааҩцәеи рзы аинтерес амоуп", –  Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит акодемик Зураб Амқәаб. 

Абнахь амаамынқәа роужьу апитомник аҟны рхыԥхьаӡара еизнырҳар алшоит. Абнахь иоужьу амаамынқәа апитомник аҟны иҭаку раасҭа ргәы бзиазаауеит. Аԥышәазы арҭ амаамынқәа баша иалхӡам, егьырҭ ажәлақәа раасҭа, арҭ ҭыԥк аҟны инхо, иҿио амаамынқәа иреиуоуп, уи абзоурала аҭҵаарақәа рылҵшәақәа еиӷьхоит иҳәеит академик.

"Арҭ амаамынқәа рыжәла аӡы иацәшәоит, уи абзоурала дара рзы аӡиас изхымсуа ҳәаазаауеит, рҭыԥ ааныжьны џьаргьы изцаӡом", – инаҵшьны иазгәеиҭеит аинститут адиректор.

Амаамынқәа Аԥсны аӡын рзычҳауеит, иациҵеит аҭҵааҩы. Иҳаҩсыз ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа 70 – 80 ашықәсқәа раан аинститут иаиуз аԥышәа иаҳнарбоит амаамынқәа аҭыԥ ашьцылара шрылшо, инаҵшьны иазгәеиҭеит Зураб Амқәаб.

Ажәабжьқәа зегьы
0