Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ашықәс иреиӷьӡоу авторцәа алырхит

© Sputnik Томас ТхайцукИреиӷьӡоу аусумҭақәа рцәыргақәҵа, Аҟәа
Иреиӷьӡоу аусумҭақәа рцәыргақәҵа, Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аицлабра-ацәыргақәҵа «Иреиӷьӡоу ашықәс аусумҭа» автор далыркааит, аԥшьаш ацәыргақәҵатә уада аҟны.

АҞӘА, жьҭ 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аицлабра иаиааиз рыхьыӡқәа Аҟәа ажәабатәи аҳәынҭқарратә цәыргақәҵа аҟны иҳәан.

Аицлабра-ацәыргақәхҵа «Ашықәс иреиӷьӡоу аусумҭа» аҟны актәи аҭыԥ агеит Витали Џьениа иусумҭа «Зцәеижь хту». Аҩбатәи аҭыԥ ранашьан Адгур Ӡиӡариа, Амиран Адлеиба, Руслан Габлиа аскульптура «Аинрал Сосналиев ипортрет» азы. Ахԥатәи аҭыԥ Игорь Панченко иҭыхымҭа «Аиаҵәақәа рыццышә» иаиуит.

Аицлабратә усумҭақәа алызхыз Асахьаҭыхыҩцәа рхеилак иалахәу аидгыла алахәылацәа роуп, ҳәа азгәеиҭеит Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Адгур Ӡиӡариа.

Аицлабра шьақәгылан ҩ-туркны. Иаиааиз иалкааразы аҳәоуеиқәымшәарақәа ыҟаӡамызт.

«Актәи атур аҟны аусумҭақәа  ихыжәжәаны иалҳхуан, изҭаху зегь иалахәхарц азы алшарақәа аԥаҳҵоит, аха зынӡа ихьысҳау аусумҭақәа алаҳгалаӡом», – иҳәеит Ӡиӡариа.

Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиа аиҿкааразы аретроспективтә цәыргақәҵа аиҿкааразы ажәалагала ҟалҵеит, уаҟа иӡыргахоит апроект «Ашықәс иреиӷьӡоу аусумҭақәа» шьақәгылоижьҭи 10 шықәса ирҭагӡаны аиааира згақәаз русумҭақәа.

«Уи аҟазара ианыԥшуаз  аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыхҭысқәа роуп, аинтерес аҵазаауан ҳәа сгәы иаанагоит», – лҳәеит аминистр. 

Иара убас Ельвира Арсалиа иааиуа ашықәс азы аноминациа «Ашықәс адибиут» ацҵара азы ажәалагала ҟалҵеит.

Аицлабра иаиааиз Витали Џьениа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит иусумҭа аҟаҵара шықәсык шицәагаз.

«Узҷу аус бзиа иануба алҵшәақәа еснагь ибзиазаауеит, уи зегь реиҳа ихадо ауп», – иҳәеит Џьениа.

Ажәабжьқәа зегьы
0