Аканцелиартә тауарқәа џьарантә иаагахозар, абиуџьет иазеиӷьхоит

© flickr.comАканцелиартә тауарқәа. Архивтә фото
Аканцелиартә тауарқәа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атендер рыланаҳәеит аканцелиартә тауарқәа џьарантә аахәаразы, уи - аусбарҭа аныхтәқәа армаҷуеит.

АҞӘА, ажь 27 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра афинанстә ныхтәқәа армаҷырц агәы иҭоуп, аканцелиартә тауарқәа џьарантә мацара аахәарала, ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит аминистр Рауль Лолуа.

"Ҳара ҳусбарҭаҿы есышықәса миллионбжак мааҭ аҟара наҳхуеит аканцелиартә тауарқәа раахәаразы. Ақалақьтәи араионтәи аусбарҭақәа иалкаау акы рҭаххацыԥхьаӡа адәқьанқәа рҿы инеины акакала иаархәоит. Ари аекономика аганахьала феида ацым", — иҳәеит Лолуа.

Аминистрра иҟанаҵаз азыҳәараҿы иарбоуп аусбарҭа иаҭаху атауарқәа зегьы реиқәыԥхьаӡеи рхыԥхьаӡареи. Лолуа иазгәаиҭеит аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵо иреиӷьу ажәалагала ҟазҵо анаплаки дареи рыбжьара.

Рауль Лолуа иажәақәа рыла, анаҩстәи шьаҿас иҟалоит ОМОН аусзуҩцәеи, Аҟәатәи амилициа ашкол акурсантцәеи, насгьы абхҭақәа ирҭаку фатәыла реиқәыршәаразы аилаӡара анапаҵаҩра. Иахьазы афатә иақәырӡхоит 20 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0