Аԥсны раԥхьаӡа акәны ахәыҷбаҳча ааӡаҩцәа рыбжьара аицлабра мҩаԥган

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАхәыҷбаҳчаҟны, архивтә фото.
Ахәыҷбаҳчаҟны, архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны, Аҟәа араион аҟны иҟоу ахәыҷбаҳча "Аччаԥшь" амаҵурахь адкыларзы ааӡаҩцәа рыбжьара аицлабра мҩаԥысит.

АҞӘА, ажь 28 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәыҷбаҳча "Аччаԥшь" амаҵурахьы адкыларзы ааӡаҩцәа рыбжьара аицлабраҟны рхы аладырхәит 45-ҩык аспециалистцәа, урҭ рҟынтә ҩажәаҩык аштат иахыԥхьаӡалан, абри атәы Аԥсны аҵареи, анаукеи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр Адгәыр Какоба Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

Ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа рыбжьара зԥышәа ҳараку аспециалистцәа ралԥшааразы аттестациақәа рымҩаԥгара  ихымԥадатәиуп.

"Арҵаратә система анализ ҳаналага иаҳбеит аспециалистцәа ҿарацәа рыбжеиҳараҩык аусура шрымам, арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи ринформациа ахьҭаҩҩу аелектронтә база аиқәыршәара ҳаӡбеит", – иазгәеиҭеит аминистр.

Иара убас, Адгәыр Какоба иациҵеит дызхагылоу ахылаԥшырҭа ахәыҷбаҳчаҟны ааӡаҩцәа рыбжьара аттестациақәа рымҩаԥгара апрактика аусура ишацнаҵо.

"Аԥсны ашколқәа арҵаҩцәа зегьы рыбжьара аттестациа амҩаԥгара ҳгәиҭоуп. Уи иҳаракым аҵара змоу арҵаҩцәа ралԥшааразы ицхыраагӡагахоит", – иҳәеит Какоба.

Адгәыр Какоба инаҵшьны иазгәеиҭеит, урҭ аусурақәа рыбзоурала аҵара змоу ауаажәлар рхыԥхьаӡара ишацло.

Абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа рыбжьара аттестациақәа рымҩаԥгарақәа ԥеруал 2015 шықәса инаркны иалагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0