Надараиа: Гал иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахра амилициа амчала мацара иауӡом

© Sputnik Томас ТхайцукГал араион ахада Ҭемыр Надараиа.
Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҭагылазаашьа аиӷьтәразы амчрақәа рырӷәӷәара заҵәык азхаӡом ҳәа игәы иаанагоит ақалақь администрациа ахада Ҭемыр Надараиа.

АҞӘА, жәб 5 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гал араион акриминогентә ҭагылазаашьа арҽеиразы амчратә структурақәа реибыҭара адагьы, аеконмика арӷәӷәара аҭахуп, абри атәы Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Араион аҟны аекономика шьҭыҵыр, ауаа аусура аиура алшара рымазаауеит, сгәы иаанагоит, усҟан ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхоит ҳәа", – иҳәеит Надараиа.

Гал администрациа ахада иазгәеиҭеит, араион аҟны ацәгьоура аҿагылара иаҳа ишеиҳахаз.

"Аԥсны аҩнуҵҟатәи аминистрра аҿаԥхьа ахыдҵа ықәнаргылеит Гал араион аҟны ашәарҭадара аизырҳара, алҵшәақәагьы иахьа иубартә иҟоуп. Иазгәаҭатәуп, ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара  иаҳа ишмаҷхаз", – инаҵшьны иазгәеиҭеит Надараиа.

Ҭемыр Надараиа иажәақәа рыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы ахеилак аусзуҩцәа рматериал-техникатә база аиӷьтәра аҭахуп, ирыду аус еиӷьны инарыгӡаларц азы.

Араион ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы ахеилак анапхгара адисциплина аиҿкааразы аусурақәа рымҩаԥгара ишаҿу, уи араион аҟны аԥсҭазаара аиӷьхара иацхраауеит.

"Аҩнуҵҟатәи аусқәа аусзуҩцәеи ақалақь ауааԥсыреи лассы еиқәшәалоит, аилыркааратә еиҿцәажәарақәа мҩаԥыргалоит, русура алҵшәақәа иаҳа еиӷьхеит", – иҳәеит Надараиа.

Ҭемыр Надараиа иазгәеиҭеит ашәарҭадара аиҿкааразы аусзуҩцәа Гал араион иахьаҵанакуа есыҽны апатрультә маҵурақәа шымҩаԥыргало. Аҵыхәтәантәи хы-мыз ирҭагӡаны Гал араион иаанкылан 18-ҩык рҟынтә 12-ҩык ацәгьауаҩцәа.


Ажәабжьқәа зегьы
0