Аԥсны амҩадуқәа рҟны авидеоконтрольтә система шьақәыргылазаауеит

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәа амҩадуқәа рыҟны авидеохылаԥшратә система ықәыргылазаауеит
Аҟәа амҩадуқәа рыҟны авидеохылаԥшратә система ықәыргылазаауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥсоу-Егры амҩаду аҟны рашәарамзазы ҩажәа видехылаԥшратә камерақәеи аццакра иахылаԥшло арадарқәа ҩажәеи ықәыргылазаауеит.

АҞӘА, жәб 10 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Авидеохылаԥшратә система мшаԥымза инаркны рышьақәыргылара иалагоит, ҩымыз иҭагӡаны ихыркәшазаауеит, абри атәы анардадкыларатә хеилак адиректор хада – апроект назыгӡо – Рафаель Иаилиан Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Раԥхьатәи асистема аусура макьана агәаҭаратә режим аҟны иҟоуп. Аусура аанкылара еиҳарак изхароу амашьынақәа рҭаҩратә система аҟамзаара ауп, аелектронтә база ашьақәыргылара аҭахуп", – иҳәеит анардадкыларатә хеилак адиректор хада.

Иаилиан иажәақәа рыла, уи асистема аус арура аҭахуп, амала аԥхьа атехнологиатәи аиҿкааратәи системақәа рызҵаарақәа ӡбатәуп.

Анардадкылаҩ хада ишазгәеиҭаз ала, асистема ҿыц Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусура иацхраалоит. Зегь реиҳа ихадоу, азгәеиҭоит Иаилиан, авидеохылаԥшратә система абзоурала азакәан еилазгаз ихьырхәра алыршахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0