Иракли Ҭыжәба: Саакашьвили дыҽҟьаса ахцәыргара дашьҭоуп

© Sputnik Томас ТхайцукИракли Ҭыжәба.
Иракли Ҭыжәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә ҟәша аиҳабы Иракли Ҭыжәба Михаил Саакашьвили Украина ахада Пиотр Порошенко иабжьагаҩс иалхра атәы дахцәажәеит.

АҞӘА, жәб 11 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Зыжәлар рыгәрагара зцәыӡыз Михаил Саакашьвили Асовет Еидгыла иахьаҵанакуаз аҟны ихы ааирԥшырц азы алшарақәа дрышьҭоуп, абри атәы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә ҟәша аиҳабы Иракли Ҭыжәба Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Саакашьвили бзиахә Украина ахьчареи, афинанстә ҭагылазаашьа, аполитикатә лшарақәа реиӷьтәреи иҽазишәалоит ҳәа азыԥшра лҵшәадоуп", – инаҵшьны иазгәеиҭеит аполитолог.

Ҭыжәба иажәақәа рыла, Михаил Саакашьвили имчқәа аҳәаанырцә аполитикатәи афинанстәи аресурстә цхыраара мрагыларатәи Украина аибашьра ацҵаразы рыԥшаарахь ирхоит.

"Уи адагьы, иҿымцәаауа иенергиа ахәҭак Урыстәыла иаҿагылоу ацәажәарақәеи, урыстәыла-украинатә аибарххара арӷәӷәареи рахь инихлоит", – азгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә ҟәша аиҳабы.

Қырҭтәыла хадас иҟаз Михаил Саакашьвили Украина ахада Пиотр Порошенко иҟны жәлабжьаратәи азҵаарақәа рхеилак абжьагаҩцәа реиҳабыс дҟаҵоуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ажәабжьқәа зегьы
0