Адепутатцәа Аԥсны азхаҵаразы Латинтәи Америкахь ааԥхьара ҟарҵоит

© Sputnik Томас ТхайцукАдепутатцәа Латинтәи Америкарахь ааԥхьара ҟарҵоит Аԥсны азхаҵаразы
Адепутатцәа Латинтәи Америкарахь ааԥхьара  ҟарҵоит Аԥсны азхаҵаразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ақәҵара рыдыркылеит Латинтәи Америка атәылақәа Аԥсны азхарҵарц азы ааԥхьара ашьҭраз.

АҞӘА, жәб 13 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәу реилатәараан ақәҵара рыдыркылеит Еквадор, Боливиа, Куба, Антигуа, Барбуда рзинԥҵаратә усбарҭақәа рахь Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц азы ааԥхьара ашьҭразы.

Ақәҵара адкылара хациркит адепутат Саид Ҳаразиа. Латинтәи Америка аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәа рахь ааԥхьара ашьҭра адагьы, адепутат ажәалагала ҟаиҵеит урҭ атәылақәа рҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Аԥсны азхаҵара аус иацхырааразы радыԥхьалара.

"Жьҭаарамзазы Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо иҳадҳкылаз аиқәшаҳаҭра аԥшьбатәи астатиа излаҳәо ала, Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵалоит Аԥсны адунеи аҟны азхаҵаразы. Убри аҟнытә ҳара ажәалагала ҟаҳҵоит Урыстәыла ахаҭарнакрақәа ҳацҳархыраарц", — иҳәеит Ҳаразиа.

Ақәҵара адепутатцәа еицҿакны иақәшаҳаҭхеит.

Уи аԥхьаҟа азакәанԥҵаҩцәа Казахстани, Бразилиеи Аргентинеи рахь Аԥсны азхаҵаразы ааԥхьара ҟарҵахьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0