Аԥсны аветеринарцәа СНГ атәылақәа реиҳабырабжьаратә еизара иалахәхоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны аветеринарцәа СНГ атәылақәа реиҳабырабжьаратә хеилак иалахәхоит
Аԥсны аветеринарцәа СНГ атәылақәа реиҳабырабжьаратә хеилак иалахәхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи авереринарцәа Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла (СНГ) аиҳабырабжьаратә хеилак имҩаԥнаго аветеринарцәа реизара иалахәхоит.

АҞӘА, жәб 17 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла аиҳабырабжьаратә хеилак аветеринариа аганахь ала реилатәраҟны ргәы иҭоуп ааԥкреи аиашьури рҿагыларазы иҟарҵараны иҟоу алацәажәара, ҳәа Sputnik акорреспондент илаиҳәеит аҳәынҭқарратә ветеринартә усбарҭа аиҳабы Ерик Аншба. 

"Аԥсны иахьаҵанакуа ааԥкразы аҭагылазаашьа зны-зынла ицәгьахоит, ақалақьқәа рҟны уаҩ иитәым алақәеи ацыгәқәеи рхыԥхьаӡара иахьызҳауа аҟынтә", — иҳәеит Аншба.

Ерик Аншба иажәақәа рыла, Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа аиашьур алалара ашәарҭара ыҟоуп.

Шәача имҩаԥысуа аизараҿы Аԥсны аделегациа хадас дамоуп Аҳәынҭқарратә ветеринартә усбарҭа аиҳабы Ерик Аншбеи уи ихаҭыԥуаҩ Мзиа Амҷԥҳаи, аепизотикатә усбарҭа аиҳабы Олег Теремкови иара убас, аҳәаа-гәаҭаратә ветеринартә усбарҭа ахада Аиса Кациеи.

Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла аветеринариа аганахь ала реилатәара мҩаԥысуеит жәабран 19-20 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0