Ахеилак "Sadakatasi" Аԥсны агәыҳалалратә цхыраара мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи аџьаама.
Аҟәатәи аџьаама. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аџьаама аҟны Сириантәи арепатриантцәа рыцхырааразы Аԥсны аԥсылманцәа рхеилаки афонд "Sadakatasi" еицхырааны агәыҳалалратә акциа мҩаԥыргеит.

АҞӘА, жәб 17 – Sputnik, Анжелика Бениа. Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә хеилак "Sadakatasi" раԥхьаӡа акәны Аԥсны ацхырааратә акциа мҩаԥнагеит. Агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Сириантәи арепатриантцәа ацхыраара рыҭан, абри атәы Аԥсны аԥсылманцәа рхеилак аиҳабы Салих Кәарацхьелиа Sputnik акорреспонднет иаиҳәеит.

Иара иажәақәа рыла, Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә хеилак "Sadakatasi" иҟанаҵо ацхыраара Аԥсны азы аҵак ду амоуп.

"Аԥсны инхо рыцхырааразы ахеилак "Sadakatasi" аԥхьа ҳара иҳадгылеит, избан акәзар Сириантәи арепатриантцәа аԥсылман динхаҵара ныҟәыргоит, рыбжеиҳараҩык ҳџьаама иаҭаауеит. Уи ацхыраара ҳара ҳзы, ҳаԥсадгьыл азы аҵак ду амоуп", – иҳәеит Кәарацхьелиа.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит "Sadakatasi" Аԥсны имҩаԥнаго ацхыраара анаҩс Аԥсны аԥсылманцәа рхеилакгьы иара аганахьала аусура ишацнаҵо.

Афонд "Sadakatasi" амаӡаныҟәгаҩ хада Емраҳ Енгьин иажәақәа рыла, ахеилак Аԥсны аус ауеижьҭеи ԥшьымыз ҵуеит, аҵыхәтәан ацхыраара зҭаху рсиа еиқәыршәан.

"Ҳара ҳхеилак Ҭырқәтәыла ишьақәгылоижьҭи хәы-шықәса ҵуеит. Ҭырқәтәыла аԥсуаа рацәаҩны инхоит, дара рабжьагаралоуп ԥшьымыз раԥхьа Аԥсныҟа ҳзаазгьы. Хықәкыс иҳамоу аҭаацәара змам ахәыҷқәеи, ацхыраара зҭаху Сириантәи арепатриантцәеи рыцхыраара ауп", – иҳәеит Енгьин.

"Сириантәи ахҵәацәа ахьынхо егьырҭ атәылақәа ирыҿҳарԥшуазар Аԥсны урҭ рҭагылазаашьа акырӡа еиӷьуп", – азгәеиҭеит афонд "Sadakatasi" амаӡаныҟәгаҩ хада.

Емраҳ Енгьин иажәақәа рыла, ахеилак "Sadakatasi" ашәахьа Аԥсны инхо 70-ҩык ахәыҷқәа амаҵериалтә цхыраара рзалырхит.

Афонд "Sadakatasi" ҩажәа тәыла рыҟны аус ауеит. Афонд аусзуҩцәа атәыла аҟны аҭагылазаашьа еилкааны, анаҩс иаҭаху ацхыраара рзалырхуеит, раԥхьаӡа иргыланы зани заби ыҟами, ма зани заби чмазаҩу ахәыҷқәа ирыцхраауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0