Алитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik Томас ТхайцукАлитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аӡыргара мҩаԥысит
Алитературатә еицлабра Ажәа агәылаԥшра аӡыргара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" шьақәгылоуп ԥшь-жанрк рыла: Ажәеинраала (абзиабаратә лирика), Ажәабжь, Аиҭагара (Пушкин иажәеинраалақәа руак), Алықьса Гогәуа иажәабжь "Амра аԥсы шҭаз" аҟны аибашьреи аҭынчреи реиҿыбаара иазку алитератураҭҵааратә статиа.

АҞӘА, жәб 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны  аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи иаԥшьнагаз алитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аӡыргара мҩаԥган иахьа Аҟәа Аҿар рышәҟәыԥхьарҭаҟны.

"Аҿар алшара роуеит рҟазара аарԥшра еиуеиԥшым ажанрқәа рыла. Аицлабра хықәкы хадас иамоуп аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҿиара, алитератор қәыԥшцәа агәацԥыҳәара рыҭара", — иҳәеит Аԥсны  аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиас Аҩӡба.

Алиас Аҩӡба иазгәеиҭеит аицлабра хәарҭара аланы ишиԥхьаӡо арҿиаҩцәа рыбжьара ахьыӡ ҿыцқәа рцәырҵра алыршаразы.

Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иаԥшьгоу аицлабра ахә ҳаракны ишьеит иҩуа аҿар рырҿиара аизҳазыӷьаразы.

"Иҩуа аҿар рҩымҭақәа убас рыхә бзианы ишьахар ауеит еиҭагангьы Аԥсны аҳәаанхыҵ иҭыҵуа. Аицлабра акраҵанакуеит, избанзар иахьа иалыркааз ашәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, акритик ихьӡ Аԥсны иадыруа иҟалоит", — иҳәеит Лагәлаа.

Иреиӷьу аҩымҭақәа алыркаауеит ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи хәҩык рыла ишьақәгылоу ажиури, ҳәа азгәалҭеит аицлабра аидеиа зтәу, иагьхацзыркыз ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аицлабра ихы алаирхәыр ауеит дарбанызаалак аԥсышәала иҩуа 17 инаркны 35 шықәсанӡа изхыҵуа. Алитературатә конкурс алахәылацәа русумҭақәа реидкылара иалагоит хәажәкыра акы инаркны, иагьымҩаԥыслоит лаҵарамза 30-нӡа.

© Sputnik Томас ТхайцукПрезентация литературного конкурса «Ажәа агәылаԥшра»
Презентация литературного конкурса «Ажәа агәылаԥшра» - Sputnik Аҧсны
Презентация литературного конкурса «Ажәа агәылаԥшра»

 

Ажәабжьқәа зегьы
0