Аԥсны адунеи аҽалархәра агәиҭоуп – Адәныҟатәи аусқәа рминистрра

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны абираҟ
Аԥсны абираҟ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла иацнаҵоит Аҳәаа анхыҵ Аԥсны ахаҭарнакцәа рықәыӷәӷәара уи аус ақәыӡбара аҭахуп Абри атәы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟны ирҳәеит, Аԥсны Ахәаахәҭра аагалыхратә палата ацәыргақәҵа Sajam Fair ианалахәыз аҳәынҭқарратә бираҟ астенд амхра ахҭыс иалацәажәо.

АҞӘА, жәб 25 – Sputnik. Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала адунеитә еилазаараҟны русқәа активла ирыцнаҵоит, уи изҭахым рус ҟьашьқәа хьаас имкыкәа, абри атәы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра аҳәамҭаҟны иаагоуп.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра иҟалаз ахҭыс Қырҭтәылатәи аган Ахәаахәҭра аагалыхратә палата жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҟны алахәхра аҵакы ацәдырӡуеит ҳәа иахәаԥшуеит, иара убас ацәыргақәҵаҟны ралахәхара акоммерциатә ҟазшьа аҭара хықәкыс ирыман ҳәа иаԥхьаӡоит" – абри атәы аҳәынҭқарратә усбарҭа аҳәамҭаҟны иаагоуп.

Иара убас Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит Қырҭтәыла иҟанаҵо аҳәаа анҭыҵ Аԥсны ахаҭарнакцәа рықәыӷәӷәара ақәыӡбара шаҭаху атәы.

Белград Жәларбжьаратәи 37-тәи атуристтә цәыргақәҵа Sajam Fair Аԥсны Ахәаахәҭра-аагалыхратә палата Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ рымхын.

Ажәабжьқәа зегьы
0