Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаВладимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апоет, иналукааша аԥсуа патриот Владимир Анқәаб 87 шықәса ихыҵра иазкны имҩаԥгаз аиԥылара рхы аладырхәит Аԥснытәи аҳәынтқарратә университет аусзуҩцәа, араионтә ҵара аҟәша ахатарнакцәа, ауаажәлар.

ХӘАԤ, жәб 27 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟын имҩаԥгаз аиԥылара еиҿкаахеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра аҿы еиҿкаау, Владимир Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб иаԥшьгарала.

Агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥган Владимир Анқәаб ихьӡ зху акабинет аҟны еиҿкаау алитературатэ гәыԥ "Ацәыкәбар" иалоу астудентцәеи Хәаԥтәи абжьаратә аԥсуа школ аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рымчала.

Иқәгылаз ирыԥхьон Владимир Анқәаб иалкаау иажәеинраалақәа рҟынтәи ацыԥҵәахақәа, иара убас, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, апоет, аҵарауаҩ иԥсҭазаара иазкны ирыҩхьоу игәалашәарақәа ирыԥхьеит.

"Владимир Анқәаб иусқәа зегьы ирыцкын аҿар рымҩақәҵара, рааӡара. Ас еиԥш иҟоу аусқәа рымҩаԥгара хықәкыс иамоуп уи ихьӡ амырӡра. Иарбан аамҭазаалакгьы зыԥсадгьыли зыуаажәлари рзы аџьабаа ду збаз хаштра рықәымзароуп", — иҳәеит Владимир Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб.

Иалкааны иалацәажәеит Владимир Анқәаб иԥсадгьыли иуаажәлари рзы аџьабаа маҷымкәа ишибаз, иара иаамҭазы аԥсуаа раԥхьагылаҩцәа дшыруаӡәкыз,  уи зыршаҳаҭуа акоуп аԥсуа жәлар акыр ашәарҭара ианҭагылаз, урҭ ринтересқәа рыхьчараз 1978 шықәсазы, 130-ҩык рнапы зҵаҩны усҟантәи Асовет ҳәынҭқарра аиҳабыра рахь ишьҭыз ашәҟәы иара инапгьы ахьаҵаиҩыз.

Зыԥсҭазаареи зырҿиареи зегьы зыжәлар рлахьынҵа иадҳәалаз Владимир Анқәаб акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 1954 шықәсазы. Апоезиатә еизгақәа иҭижьыз иреиуоуп: "Сышьха ӡиас" (1958), "Бзыԥ аԥшаҳәа" (1960), "Сышьха хыҵырҭа" (1971), "Асхыс" (1975), "Иалкаау" (1987), иажәеинраалоу ароманқәа "Абрыскьыл", (1960) "Ааԥыни анаҟәи" (1980). Владимир Анқәаб афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихьчеит аԥсуа поема азҵаарақәа рыла.

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаВладимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
1/3
Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаВладимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
2/3
Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаВладимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
3/3
Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
1/3
Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
2/3
Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
3/3
Владимир Анқәаб игәаларшәаратә хәылԥазы Хәаԥтәи ашкол аҟны имҩаԥыргеит
Ажәабжьқәа зегьы
0