Ҳаџьымба: ахәыҷқәа рыҧсы ршьароуп, рымчқәа ҭарҵароуп

© Sputnik Томас ТхайцукРауль Хаджимба с детьми из ДНР
Рауль Хаджимба с детьми из ДНР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Донецкынтәи Аҧсныҟа ҧсшьара ҳәа иааз ахәыҷқәа дырҭааит.

МЫСРА, ГӘДОУҬА АРАИОН, хәжәк 1 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Донецк аконфликттә зона иалҵны иааз ахәыҷқәа рыҧсы ршьаруп, рымчқәа еиздырҳаруп, иҳәеит Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба Мысра аԥсшьарҭа ҩны аҟны ахәыҷқәа иареи реиҧылараан.

Дети из ДНР в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Донецктәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит

"Ахәыҷқәа Аҧсны рыҧсшьара урҭ рреабилитациа иацхраап ҳәа сгәыӷуеит. Ҳаргьы аибашьра ҳахысхьеит, изакәу ҳдыруеит. Шәҳәынҭқарра аҭынчра азыҟалааит" — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аҳәынҭқарра ахада ахәыҷқәа рахь инапы ҭацәны дымнеиӡеит, ашәырқәеи, ахаа-мыхаақәеи рызнеигеит. Аҳәынҭқарра ахада ахәыҷқәа ахьаангыло апансионат аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭеит.

Донецк аҟынтә ахәыҷқәа раара Аҧсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра амчала еиҿкаан. Лев Кәыҵниа ихаҭа Укрина алада-мрагылараҟа дцаны ахәыҷқәа ааигеит. Урҭ Аҧсны хы-мчыбжь инареиҳаны иҟазаауеит, атәыла аҭыԥ ԥшӡарҭақәа ддырбоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0