Аԥсуара ашколтә программа алаҵара иазку аилатәара мҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа етикет азы ашәҟәы ашколқәа рзы иҭыжьхоит
Аԥсуа етикет азы ашәҟәы ашколқәа рзы иҭыжьхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аминистрцәа Реилазараҿы имҩаԥысит Аԥсуара арҿиара азҵаарақәа ирызкыз аилатәара. Уи иалахәын Аԥсны аԥыза-министр, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы Зураб Џьапуа, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Уасил Аҩӡба, Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр Адгәыр Какоба.

АҞӘА, хәжәк 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысыз аиԥылараҿы зҵаарас хадас иқәгылан Аԥсуара маҭәарк аҳасабала ашколқәа рҟны иахысуа аҟаҵаразы Абыргцәа рхеилак иҟанаҵаз ажәалагала.

Аԥсны абыргцәа рхеилак аиҳабы Константин Озган еизаз иргәалаиршәеит Аԥсуара хаз-шәҟәны иҭыжьны ашколқәа рҟны ралагаларазы азҵаара шықәдыргылахьаз ԥасатәи аиҳабыра рхаан. Ари азҵаара иазкны ишымҩаԥгаз апарламенттә еилатәара, иагьшрыдыркылаз ақәҵара. Ақәҵара инақәыршәаны иазгәаҭан ашәҟәы ҭыжьны ашколқәа рыларҵәара маҭәарк аҳасаб ала, аха аиҳабыра аҽахьаԥсахыз аҟнытә ари азҵаара  аиҭазыхынҳәра шаҭаху.

"Аԥсуара ҳажәлар зқьышықәсала изыхьчоз, рыԥсҭазаара ҳәаақәызҵоз иахьа аиқәырхара аҭахуп, убри азы Абыргцәа рхеилак ҳаилатәараҿы иҳаӡбеит Аԥсуара ашәҟәы аҭыжьра", — иҳәеит Озган.

Аизара иалахәыз рцәажәарақәа раан иазгәарҭеит Аԥсуара маҭәарк аҳасаб ала ашколқәа ралагаларазы еиуеиԥшым агәаанагарақәа шыҟоу, асахьаркыратә литература, аҭоурых уҳәа амаҭәарқәа Аԥсуара рныԥшуеит ҳәа иахәаԥшуа шмаҷым, аха уи иаҳәо аԥҟарақәа рықәныҟәара еиҳа-еиҳа ишхьысҳахо. Убри аҟнытә арҵаратә цхыраагӡа аҳасабала Аԥсуа етика иацу ахымҩаԥгашьа аазырԥшуа ашәҟәы аҭыжьра хымԥадатәиуп, ҳәа рыԥхьаӡоит абыргцәа.

Апарламент иаднакылаз ақәҵара анагӡара иахылаԥшуа Валери Кәарҷиа иажәақәа рыла, иазгәаҭан аԥсуа етика аазырԥшуа аҭыжьымҭа аиқәыршәара, аха анагӡара шзалымшац иахьа уажәраанӡа.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы Зураб Џьапуа инаҵшьны иҳәеит Аԥсуара амырӡразы маҭәарк аҳасаб ала ашкол иалагалатәуп ҳәа.

Академик иара убас иазгәеиҭеит аамҭа кьаҿк ала аԥсуа етика азы ашәҟәы ҩны аларҵәара шыуадаҩхо, уи азы аусуратә гәыԥ шеиҿкаатәу, урҭ апрограмма шьақәдыргылар шакәу, анаҩс урҭ рыпрограммала арҵагатә цхыраагӡа аҩра нап шарктәу. Зураб Џьапуа ажәалагала ҟаиҵеит ашәҟәы аҩра иалахәхо рзы агонорартә система шаԥҵатәу. Уи инаҷыданы хымԥада иаҭахуп ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсуара иазкны Шьалуа Инал-иԥа, Баграт Шьынқәба, Никәала Ҳашыг уҳәа русумҭақәа рхархәара.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Уасил Аҩзба иазгәеиҭеит арҵагатә цхыраагӡа шаҭаху, аха уи ахархәашьа ибзианы ишазхәыцтәу, иаҳҳәап шаҟа сааҭ азыԥҵәахо, уи амаҭәар иаԥхьо арҵаҩцәа зусҭцәахо, еиуеиԥшым аклассқәа рзы аматериал еихшаны ишыҟаҵатәу уҳәа.

Аҵарауаа еицҿакны иақәшаҳаҭхеит арҵагатә цхыраагӡа ҿыгҳарыла рацәак идуумзар шакәу, иара убас, ашколқәразы имарианы иҩызарц шахәҭоу.

Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр Адгәыр Какоба иҳәеит хара имгакәа Аԥсуара иазкны арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәаразы аҵарауааи арҵаҩцәеи злахәу аконференциа шеиҿкаахо.

Аиԥылара иалахәыз хәарҭара аланы ирыԥхьаӡоит Аԥсуара иазку ашәҟәы аелектронтә версиа ацҵара, уи аларҵәара ҭбаа аиурц азы.

Аԥсны аԥыза-министр Беслан Быҭәба ари азҵаара аиҳабыра шадгыло иҳәеит, ажәалагалагьы ҟаиҵеит аусуратә гәыԥ аиҿкааразы.

"Аусуратә гәыԥ еиҿаҳкаар ауп арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәара зылшо рыла. Урҭ рџьабаа ахәԥса аиҳабыра ҳхахьы иаҳгоит", — иҳәеит Быҭәба.

Ари адҵа рыҭан Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы Зураб Џьапуа, Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Уасил Аҩӡба, Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр Адгәыр Какоба. Урҭ мызкы иалагӡаны аусуратә гәыԥ еиқәдыршәароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0