Ҳаџьымба амилаҭра азакәан азы: ашәқәа аркны, аԥенџьырқәа ааҳартуама?

© Sputnik Илона ХварцкияПаспорт гражданина Абхазии
Паспорт гражданина Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрламент ҭагалантәи асессиа аҵыхәтәантәи аилатәараҟны аԥсуа милаҭра аиҭашьақәыргылара зырмарио "Атәылауаҩ иҭагылазаашьа актқәа" рзы азакәан ахь арҽеирақәа ралагалара иазкны игәаанагара иҳәеит.

АҞӘА, хәжәк 12 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба "Атәылауаҩ иҭагылазаашьа актқәа" рзы азакәан ахь аԥсуа милаҭра аиуреи, аиҭашьақәыргылареи зырмарио аиҭакрақәа Апарламент адкылара дақәшаҳаҭым. Абри атәы иҳәеит ахаша имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла, ари атема акыр агәеибафарақәа ацуп, изныкымкәа Апарламент аҟынгьы иазааҭгылахьеит. Ахада иазгәеиҭеит ааигәа иҟаз Жәлар Реизара ааԥхьараан атәылауаҩ иҭагылазаашьазы азакәан шрыдыркылаз,  уи ала, аҳәынҭқарратә ҭаҩра аԥсахраан хатәгәаԥхарала умилаҭтә хаҿрагьы аԥсахразы алшара ыҟан.

"Иабанӡаиашаз абас еиԥш азакәан адкылара? Уи азакәан ала Аԥсны инхо изҭахызаалакгьы имилаҭра иԥсахыр илшоит, нас Аконституциаҿы Аԥсны Ахада милаҭла даԥсыуазароуп ҳәа зҳәо 49-тәи астатиа излақәшәои?!", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны изакәаным атәылауаҩшәҟәы аҭара апроблема аӡбаразы имаҷымкәа ишҟаҵоу.

Ҳаџьымба: аҳәаа аартра иаанагаӡом уи аԥыхра - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: аҳәаа аартра иаанагаӡом уи аԥыххоит ҳәа

"Усҟан ашәқәа аҳаркын, уажәшьҭа аԥенџьырқәа ааҳартуама?" — иҳәеит Ҳаџьымба, Апарламент азакәан апроект ирыдыркылаз азы игәаанагара аниҳәоз.

Рауль Ҳаџьымба адепутаттә корпус ари азҵаара ииашаны ирыӡбап ҳәа дақәгәыӷуеит.

Жәлар Реизара адепутатцәа ҭагалан, аҵыхәтәантәи аилатәараан "Атәылауаҩ иҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәан 1930 шықәсқәа рзы мыла ақырҭуа милаҭ ҳәа ашәҟәы ианырҵаз аԥсуаа  рмилаҭ аиҭашьақәыргылареи зырмарио аҿыцрақәа аларгалеит. Уи азы ихадараз хәы-шықәса иреиҵамкәа Аԥсны ақәынхра мацара акәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0