Аиааира аестафета раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит

© Sputnik Томас ТхайцукЭстафета Победы прибыла в Абхазию.
Эстафета Победы прибыла в Абхазию. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аестафета ахраҿа раԥхьаӡа акәны Аԥсны аҳәаа ихыҵит.

ЦАНДРЫԤШЬ, хәжәк 13 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аҟны Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак аҳәаахьчаратә усбарҭа аруаа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба, Гагра араион ахада иусқәа назыгӡо Беслан Барцыц, Абыргцәа рхеилак аиҳабы Константин Озган, ауаажәлар рхаҭарнакцәа уҳәа рҽеидкыланыы ирԥылеит Аиааира аестафета иалахәу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа.

Шамиль Аӡынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аестафета Аԥсны алахәхарц азы аџьабаа збаз.

"70 шықәса раԥхьа Асовет Еидгыла ауаажәлар иаҳзеиԥшыз аӷа иҿагыланы Аиааира ргеит. Ари аусмҩаԥгатә даара аҵакы амоуп. Исҭахуп атрадициақәа рахь ҳгьежьыр", — иҳәеит Аӡынба.

Цандрыԥшьтәи абжьаратә адиректор Лиудмила Гәымԥҳа лгәаанагарала Аиааира Аестафета акыр ихәарҭоуп афашизм иаҿагылаз ажәларқәа рзы.

Мчыбжьык иалагӡаны Аестафета мҩаԥысуеит ақалақьқәа: Гагра, Аҟәа, Гал, Ҭҟәарчал, Очамчыра.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду иазку Аестафета ахы акит Мурмански Брести ақалақьқәа рҟны жәабран 2, 2015 шықәсазы. Аиааира Аестафета СНГ жәа-тәылак рҳәаақәа ирхысуеит.
Традициала ишаԥу еиԥш, Аиааира Аестафета хыркәшахоит Аҳәаахьчаҩ имш аҽны лаҵара 28 рзы Москва.

Ажәабжьқәа зегьы
0