Беслан Быҭәба имаҵураҭыԥ аҟынтә ихы дақәиҭтәуп

© Sputnik Томас ТхайцукПремьер-министр Б.Т. Бутба. Архивное фото.
Премьер-министр Б.Т. Бутба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр иааникыло амаҵура аҟынтә ихы дақәиҭызтәуа ақәҵара Рауль Ҳаџьымба иахьа инапы аҵаиҩит.

АҞӘА, хәжәк 16 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба хәажәкыра 16 аҽны инапы зҵаиҩыз ақәҵара инақәыршәаны, аҳәынҭқарра аԥыза-министр Беслан Быҭәба иааникылоз амаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп.

Аԥыза-министр инапынҵақәа рынагӡара аамҭала идҵоуп аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.

Рауль Ҳаџьымба Аминистрцәа реилазаара алахәцәа адҵа риҭеит русқәа нарыгӡаларц Аминистрцәа реилазаара ҿыц ишьақәыргылахаанӡа.

Беслан Быҭәба Аԥсны аԥыза-министрс дҟаҵан 2014 шықәса цәыббра 29 рзы. Уаанӡа Беслан Быҭәба Аԥны Жәлар реизараҟны депутатс дыҟан, 2009 шықәсазы имҩаԥгаз аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ихы рылаирхәит. 2007 шықәса инаркны уи Аԥсны аекономика арҿиара апартиа хадас дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0