Аибашьра ду аветеран Шерозиа: сгәалашәарақәа рышәҟәы ҭсыжьырц сҭахуп

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Шерозия Михаил Парменович.
Ветеран ВОВ Шерозия Михаил Парменович. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Михаил Шерозиа игәалашәарақәа еидызкыло ашәҟәы "За огненной стеной" ианыԥшуеит аибашьҩы дызнысыз амҩа.

ЛЫХНЫ, хәжәк 19 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Михаил Шерозиа игәалашәарақәа рышәҟәы аҭыҵра иреиӷьу ҳамҭахон Аиааира 70 шықәса ахыҵра азы, иҳәеит аветеран Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

Прага ахақәиҭтәреи, Берлин аҭарцәреи рзы аҳамҭақәа занашьоу Михаил Шерозиа еиҭеиҳәеит ашәҟәы аус адулара шымҩаԥысуаз.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иазку агәалашәарақәа рыҩра салагеит атәанчара санца ашьҭахь, аиҳарак уахынла ауп саныҩуаз. Ашәҟәаҿы сара сазааҭгылоит аибашьраҟны сзыниаз зегьы", — иҳәеит аветеран.

Михаил Шерозиа иажәақәа рыла, иҩымҭа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылахь ишьҭит, уаҟа уи аҭыжьра бзиоуп ҳәа абжьгарагьы ҟарҵеит.

"2011 шықәсазы "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" ацхыраара аҟаҵара иақәшаҳаҭхеит, аха анаҩс иақәаҳхарџьуа аԥара ҳамам рҳәеит, иагьсыдыргылеит ашәҟәы аҭыжьра иаго аԥара сара иахысшәаарц, аха уи аҩыза аҭагылазаашьа сымамызт. Сара сақәгәыӷуеит ашәҟәы ҭыжьхоит ҳәа", — иҳәеит уи.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран ацхыраара даҳәарц Аԥсны аиҳабырахь днеит.

"Сара сгәы снархьит ҳуыцхраауеит ҳәа саҳәаны нас сахьырхашҭыз. Ушьҭа уи азҵаара аӡбара сзашьҭалом, исылшом. 2010 шықәсазы сыԥҳа лыцхыраарала хә-екземплиарк Шәача иҭҳажьит, аха уи даара имаҷуп.

Михаил Шерозиа деибашьуан Актәи украинатәи афронт аҟны, ихы алаирхәит Украинеи, Польшеи, Берлини ақалақьқәа рхы рақәиҭтәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0