Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа игәалашәара иазкыз амитинг мҩаҧысит

© Sputnik Бадра АвидзбаАԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу, ақыҭа Лыхны
Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу, ақыҭа Лыхны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа иԥсы ҭазҭгьы, иахьа 60 шықәса ихыҵуан.

ЛЫХНЫ, хәжәк 27 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа диижьҭеи 60 шықәса аҵра инақәыршәаны, уи анышә дахьмадоу Лыхны ақыҭа иаҭааны ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба, уи ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, аҧыза-министр Артур Амқәаб, Мушьни Хәарцкьиа ицеибашьуаз иҩызцәа, Гәдоуҭа араион анапхгара, ауаажәлар, ашколхәыҷқәа.

Мушьни Хәарцкьиа игәалашәара иазкыз амитинг аҟны уи дыргәаладыршәон уаҩык, еибашьҩык, ҵарауаҩык иаҳасабала.

"Мушьни уаҩрала, ҵарала зегьы даарылукаартә дыҟан. Амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара агәҭа игылаз дыруаӡәкын. Аамҭа цәгьа ҳанҭагыла уи иҩызцәа аашьҭыхны ҳхы злаҳахьчарызеи ҳәа дазхәыцны илиршаз рацәоуп. Ас еиҧш иҟаз ауаҩы иҭаацәа рымацара ракәӡам дызцәыӡыз, уи иуаажәлар дырцәыӡит", — иҳәеит Аҧсны Афырхаҵа Аполлон Шьынқәба.

Аҧсуаҭҵааратә институт адиректор Уасил Аҩӡба амитинг иалахәыз дырзаҧхьеит Мушьни Хәарцкьиа иҧсҭазаареи иҭҵаарадырратә усуреи ирызкыз ажәахә. Уи иҳәеит 1992 шықәса нанҳәамзазы ақырҭқәа иаҧшьыргаз зымҽхак ҭбааз ажәылара аанкылара зылшаз Мушьни Хәарцкьиа дшыруаӡәку.

"Сгәы иаанагоит Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу аҭыҧ аҟны абаҟа ргылатәуп ҳәа, избанзар егьа аамҭа царгьы ҳфырхацәа рыхьӡ ҳмырӡыр ауп", — иҳәеит Аҩӡба.

Иқәгыланы ицәажәоз зегьы еицҿакны иазгәарҭон Мушьни Хәарцкьиа аиааира агаразы имч-илша дамеигӡакәа илшоз зегь шыҟаиҵаз, уи Аҧсны аҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа ақыҭа Лыхны анышә дахьамадоу асимволтә ҵакы шамоу. Ашколхәыҷқәа Афырхаҵа изкны аҧсуа поетцәа иаҧырҵаз ажәеинраалақәа ирыҧхьеит.

Ақырҭуа-аҧсуа еибшьра аналага, Мушьни Хәарцкьиа иҩызцәеи иареи аӷа иҿагылеит Ацҳа ҟаҧшь аҟны. Анаҩс уи адҵа ҷыдақәа назыгӡоз абатальон акомандаҟаҵара идҵан, напхгара аиҭон Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа. Абатальон акомандаҟаҵаҩ Мушьни Хәарцкьиа аибашьцәа раҧхьа дгыланы жәылара дцон. Ихарҭәаам адыррақәа рыла, Мушьни Хәарцкьиа инапала иҭаирхеит аӷа итанкқәа хԥеи, ҩ-БМП-ки, БМП-к еибганы аӷа имихит, иаҳҿагылаз хыҧхьаӡара рацәала иҭаирхеит. Ар рнапхгаҩык иаҳасабала, уи илшарақәа еиҳа ихаҭәааны иахьааҧшыз Гәымсҭатәи афронт напхгара аназиуази, Мрагыларатәи афронт аҟны данеибашьуази роуп.

© Sputnik Бадра АвидзбаАԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу, ақыҭа Лыхны игәаларшәаратә митинг мҩаԥыргеит.
1/3
Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу, ақыҭа Лыхны игәаларшәаратә митинг мҩаԥыргеит.
© Sputnik Бадра АвидзбаАԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу, ақыҭа Лыхны игәаларшәаратә митинг
2/3
Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу, ақыҭа Лыхны игәаларшәаратә митинг
© Sputnik Бадра АвидзбаАԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа игәаларшәаратә митинг, Лыхны ақыҭа
3/3
Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа игәаларшәаратә митинг, Лыхны ақыҭа
1/3
Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу, ақыҭа Лыхны игәаларшәаратә митинг мҩаԥыргеит.
2/3
Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа анышә дахьамадоу, ақыҭа Лыхны игәаларшәаратә митинг
3/3
Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа игәаларшәаратә митинг, Лыхны ақыҭа

Мушьни Хәарцкьиа диит Ешыра ақыҭан, Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол далгеит, анаҩс Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-иуристтә факультет аҟны иҵара иациҵеит. Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аҟны аус иуан 1983-1992 шықәсқәа рзы. 1987 шықәса инаркны СССР Анаукақәа ракадемиа иатәу Ленинградтәи археологиатә институт аҟны аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ аиуразы аус иуан.

Мушьни Хәарцкьиа дрылахәын аиааира агараҿы аҵак ҷыда змаз аидысларақәа маҷымкәа. Дҭахеит афырхаҵа 1992 шықәса, ҧхынҷкәын 6 рзы ақыҭа Лашькьындар ахақәиҭтәраан. Анышә дамадоуп Лыхны ақыҭан. Мушьни Хәарцкьиа ианашьоуп Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Ажәабжьқәа зегьы
0