Екатерина Синиавскаиа: аибашьра сцеит 18 шықәса ансхыҵуаз

© Sputnik / Томас ТхайцукСинявская Екатерина Васильевна
Синявская Екатерина Васильевна - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Екатерина Синиавскаиа еиҭалҳәеит аибашьраҿы илхылгаз ауадаҩрақәа ртәы.

АҞӘА, мшԥ 2 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аибашьра шалагаз Екатерина Синиавскаиа илаҳаит ашкол аушьҭымҭаҩцәа рыхәылԥаз аҟны.

"Сара 18 шықәса роуп исхыҵуаз, саԥхьаҟатәи сыԥсҭазааразы агәҭакқәа сыман. Сара сҳақьымхар сҭахын, избанзар сан дычмазҩын, аха аԥсҭазаара даҽакала иҟалеит. Сареи даҽа 900-ҩык Аԥснытәи аӡӷабцәеи Атәыла ахьчараз игылеит", — лҳәеит Синиавскаиа.

"Аибашьраан арҭҟәацгақәа ахьалармыжьуаз Баҭымтәи апорт мацароуп, уахь арра ахысра ҳрышьҭит. Еилазгӡар акәхеит асвиазистреи, априборқәа аус рыдулаҩи, адальномершьики рзанааҭқәа. Ҳара аҵәҟьа ҳаԥшаауан, нас уи акоординатқәа ҳархәҭахь иҳашьҭуан", — азгәалҭеит аветеран.

Синиавскаиа лажәақәа рыла, аибашьра иннажьит агәалашәара хьанҭақәа маҷымкәа. Уи ахәра ҳәа акгьы лмоуит, аха мшыкгьы лхамшҭуа лгәалашәараҿы иаанхеит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Анна Степанова. - Sputnik Аҧсны
Аветеран Анна Степанова: анемец ҳаирпланқәа иахьагьы ԥхыӡла избоит

"Ҳара иҳарҳәеит апорт арҭҟәацгақәа алаижьразы аӷа иҳаирпланқәа 36 аараны иҟоуп ҳәа. Иҳаӡбеит алҩа аужьҭны урҭ ахьцо рымбартә аҟаҵара. Ҳара-ҳара ҳаибабаӡомызт, ҳаԥсы алагаҩагараҵәҟьа ҳалшомызт. Ҳара ҳахьгылаз аҭыԥ инацәыхарамкәа абылтәы рацәаны иҟан. Рҭҟәацгак иадымхаргьы иҳалаҳазтгьы  — иара уаҵәҟьа ҳҵыхәтәа ҟалон. Аха, Анцәа иџьшьаны, анемец ҳаирпланқәа ҳхысны ицеит", — илгәалалыршәеит аветеран.

Екатерина Синиавскаиа дызлаз архәҭа дҵас ирыҭан Аҟәа налаҵаны аихамҩатә цҳақәа ахьыҟоу рыхьчара.

"Аибашьра анҵәамҭазы ҳара ҳзениттә-пулеметтә батальон Урыстәыла ақалакьқәа руак ахь ирышьҭит. Ҳахьыргоз ҳаздырӡомызт, аха нас излеилаҳкааз ала, Иапониа аибашьрахь ҳаргон, ҩ-еибашьрак схызгар акәхеит", — лҳәеит Синиавскаиа.

Аветеран еиҵагыло аҿар рыԥсадгьыл бзиа ирбаларц рабжьалгеит, бџьаршьҭыхла уи рхьчартә аамҭа ҟамларц Анцәа диҳәеит.

55 нызқьҩык  инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык аҩныҟа изымхынҳәӡеит, 22-ҩык Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0