Аветеран Шерозиа Актәи украинатәи афронт дшалаз аибашьра зегьы дахысит

© Sputnik Томас ТхайцукАветеран Шерозиа Украинатәи актәи афронт дшалаз аибашьра зегьы дахысит
Аветеран Шерозиа Украинатәи актәи афронт дшалаз аибашьра зегьы дахысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Михаил Шерозиа деибашьуан Актәи украинатәи афронт аҟны, далахәын Украинеи, Польшеи, Берлини ақалақьқәа рхы рақәиҭтәра.

АҞӘА, мшԥ 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналага Михаил Шерозиа абыжьбатәи акласс аҟны аҵара иҵон.

"Ҳара зегьы аибашьрахь ҳцар ҳҭахын, аха қәрала ҳаҵанакуамызт, аамҭа анааилак шәаагоит ҳәа ҳарҳәон", — иҳәеит аветеран.

Михаил Шерозиа иҩызцәеи иареи Ҭҟәарчалтәи арацәаҵхырҭахь ирышьҭит, уа еиҳа хәарҭара рылоуп ҳәа иԥхьаӡаны.

Аибашьра ду аветеран Шерозиа: сгәалашәарақәа рышәҟәы ҭсыжьырц сҭахуп

"Дарбанзаалак уаҟа азанааҭ алхра илшон, аӡәы амашьынарныҟәцара иҭаххеит, даҽаӡәы — адәыӷба арныҟәцара, аха ҳахьыршьҭыз ҳара ишаҳтәымыз еилаҳкаауан, убри аҟнытә ҳабналаны ҳцарц ҳаӡбеит. Ҳдокументқәа ахьышьҭаз аадыруан, аконтора аҩбатәи аихагылаҿы иҟан, ахьчаҩгьы даман, аха уахынла ҳаҽӡаны ҳаҩналаны иаҳӷьычит, анаҩс урҭ анышә жны иаҳҭеит, иаҳгаз ҳпаспортқәа рымацара роуп", — азгәеиҭеит Шерозиа.

Ҭҟәарчалтәи ашахта аҟынтә ианыбнала ашьҭахь Михаил Шерозиа иҩызцәа ицны Гәдоуҭаҟа ицеит, уаҟа архәҭақәа еизыргон афронт ахь рышьҭразы.

"1943-тәи ашықәс ацара иаҿын, сара 17 шықәса схыҵуан. Аиҳабыра ирыӡбеит Қарҭтәи аимадаратә ҵараиурҭахь ҳашьҭра", — иҳәеит Шерозиа.

Арадиотә еимадаразы аҽазыҟаҵарақәа шықәсыбжак имҩаԥысуан. Уи ашьҭахь Михаил Шерозиа Ҟәыбинаҟа дыршьҭит.

"Аибашьра иаҳнарбеит арадиотә еимадара аҵак ду шамаз, избанзар архәҭақәа зегьы еимадамкәа алҵшәа ҟалашьа амамызт. Анемеццәа раҵахара амзыз хадақәа ируакуп реимадара ахьҽеимыз", — азгәеиҭеит аветеран.

Ҟәыбинаҟа ианиарга ашьҭахь ауп Михаил Шерозиа аибашьра алакҭаҵәҟьа данҭаԥшы.

"Раԥхьаӡатәи аидыслара ҳақәшәеит Старыи Оскол, уаҟа абомбақәа ааихмырсыӷькәа иаларыжьуан. Ҳара аҽыԥхьакра ҳахьӡеит, ҩымш абнара ҳалан, цәырҵшьа ҳамамызт", — игәалаиршәоит аветеран.

Ветеран ВОВ Шония Алексей Иосифович. - Sputnik Аҧсны
Аветеран Шьониа: сҳамҭақәа рхыԥхьаӡара сгәалашәом, калаҭк азна ыҟоуп

Михаил Шерозиа аибашьра ахҭысқәа рахьтә игәалашәараҿы инхаз иреиуоуп Днепр аӡиас ианыруаз аамҭа.

"Украниа агаразы ажәылара ианалага Днепр аӡиас уахынла арра ҳақәшәеит. Усҟан иҭахаз аруаа рхыԥхьаӡара рацәахеит, избанзар аӡсашьа рыздыруамызт. Ҳара арраҿазыҟаҵара ахьҳамаз аҟнытә иҳалшеит аӡы арра", — иҳәеит Шерозиа.

Украина ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь Михаил Шерозиа далахәын Польшеи, Германиеи рхы рақәиҭтәрагьы.

"Берлин ҳгеит маи ҩба рзы, аха Сталин адҵа ҟаиҵахьан маи аказы иаҳгарц, уи аҟнытә зегь ццакуан, уи иахҟьаны ҳцәыӡқәагьы рацәахеит", — игәалаиршәоит аветеран.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду анхыркәшаха ашьҭахь, Михаил Шерозиа Аԥсныҟа дхынҳәит, аҭаацәара аԥиҵеит, ԥшьҩык аԥацәеи аԥҳаи иааӡеит. Михаил Шерозиа акыршықәса ачаифабрика аиҳабыс аус иуан.

55 нызқьҩык  инареиҳаны Аԥсны атәылауаа 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҟны еибашьуан, урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык аҩныҟа изымхынҳәӡеит,

22-ҩык Аԥсны аҵеицәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

© Фото : из личного архива Михаила ШерозияВетеран ВОВ Шерозия Михаил Парменович.
Ветеран ВОВ Шерозия Михаил Парменович. - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Шерозия Михаил Парменович.
Ажәабжьқәа зегьы
0