Аӡбаҩ Чагәаа: аӡбарҭа - ахьырхәра мҩаԥызго усбарҭам

© Sputnik / Томас ТхайцукАӡбаҩ Чагәаа: Еныкьи Аҩӡбеи рхы рақәиҭтәраҿ аганқәа еиқәшаҳаҭхеит
Аӡбаҩ Чагәаа: Еныкьи Аҩӡбеи рхы рақәиҭтәраҿ аганқәа еиқәшаҳаҭхеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақьтә усӡбарҭа аӡбаҩ Рустам Чагәаа иҳәеит Ахра Еныкьи Инал Аҩӡбеи рхы рақәиҭтәра аганқәа зегьы реиқәшаҳаҭра ишадҳәалоу.

АҞӘА,  мшԥ 8 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аус иақәыршәаз рыхьчаҩцәеи аусҭҵааҩцәеи  аӡбаҩ ишҟа ажәалагала ҟарҵеит уаанӡатәи аԥыза-министр Беслан Быҭәба дзыпҟаз Ахра Еныкьи Инал Аҩӡбеи рганахь ала аусӡбара аанкылазарц, аганқәа ахьеиқәшаҳаҭхаз аҟнытә. Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит аӡбаҩ Рустам Чагәаа.

“Ари ажәалагала ҳаназхәыц ашьҭахь ҳазааит аусҭҵааҩцәеи ахьчаҩцәеи ргәаанагара ҳадгыларц, Ахра Еныкьи Инал Аҩӡбеи рхы иақәиҭаҳтәырц“, — иҳәеит аӡбаҩ.

Чагәаа иажәақәа рыла, Ахра Еныкьи Инал Аҩӡбеи рганахь ала аусӡбара аанкылара азҵаара уажәраанӡагьы иқәыргылан, аха ақьаад ианымкәа изыӡбамхеит.

Беслан Быҭәба иганахь ала аҭыԥ змаз ацәгьоурала Аҟәатәи апрокуратура абҵара 16 рзы ашьауӷатә ус аанартит "аҳәынҭқарра аиҳабыра ахаҭарнак иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара аҭаргыла" астатиа ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0