Аԥсны иаҭааит ҭырқәтәылатәи атуристцәа раԥхьатәи ргәыԥ

© Фото : ТПП РАПервая группа туристов по программе «Абхаз – посети свою родину!»
Первая группа туристов по программе «Абхаз – посети свою родину!» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәылантәи гәыԥҩык атуристцәа Аԥсны иааны иҟан. Апроект "Аԥсуа — утәыла уаҭаа" апрограммала, асасцәа Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәеи, аҭыԥ ԥшӡақәеи ирҭааит.

АҞӘА, мшԥ 10 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҭырқәтәылатәи атуристцәа ргәыԥ жәохәҩык рыла ишьақәгылан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иуԥылоит аԥсуаа рхылҵшьҭрақәагьы.

2014 шықәсазы Ахәҳаахәҭра-аагалыхратә палата ахаҭарнакцәа злахәыз аделегациа Ҭырқәтәыла иҟан. Усҟан, аԥсуа фирма "Дольче-Вита" анапхгареи, Ҭырқәтәылатәи атуристтә фирма "Акмис" анапхгареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит апроект "Аԥсуа— утәыла уаҭаа" захьӡу аусура аиҿкааразы.  Убри аҳәаақәа ирҭагӡаны, раԥхьатәи атуристцәа ргәыԥ, мшаԥы ԥшьба рзы Аԥсны иаҭааит. Апроект аидеиа аԥшьигеит Аԥсны Ахәаахәҭра-агалыхратә палата аиҳабы Геннади Гагәылиа.

"Ҳара Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны ҳааит. Аҳҭнықалақь Аҟәа аҭоурыхтә ҭыԥқәа ҳарҭааит. Ҳаҟан Афон Ҿыц, аӡиа Риҵа, Гагра, Черниговка, Ешыра – Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу аҭыԥгьы. Анаҩс ҳаҭааит Дәрыԥшь ақыҭа. Ҳаблала иаҳбеит аԥсуа қыҭаҿы аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа. Ҳныҟәарақәа даара агәахәа ҳарҭеит. Хымԥада, аԥхьаҟагьы иацаҳҵоит ас еиԥш иҟоу ҳусеицура", — иҳәеит ҭырқәтәылатәи атуристтә фирма "Акмис" ахаҭарнак Реџьеԥ Гопал.

Агәыԥ аилазаараҟны иҟаз хылҵшьҭрала иаԥсыуоу, Џьавиде Шьарбалиаԥҳа, лыԥсадгьыл аҟны лыҟазаара даара деигәырӷьеит.

"Ҳара ҳаиҳабацәа еснагь рҭоурыхтә ԥсадгьыл иалацәажәон. Гәҭыхас ирымаз, знык иадымхаргьы рабдуцәа ахьықәҵыз аҭыԥ абара акәын. Рхьаа рыԥхыӡ ишалаз шаҟаҩы рыԥсҭазаарагьы иалҵзеи… Ҳара ҳаԥсадгьыл аӡбахә ҳаҳалон, аҭоурых ҳазҿлымҳан. Сыла иабаз макьана ԥхыӡушәа исыдскылоит. Ҳаԥсадгьылаҿы ҳхатәы бызшәа ашьҭыбжь аҳара, еиҳау насыԥс иҟоузеи?! Сгәы снархьуеит Аԥсны аибашьра ианнаҵаз ахәрақәа. Аԥсны адоуҳамч ӷәӷәоуп, аԥхьаҟагьы ишәҭыкакаҷлааит", — лҳәеит лгәырӷьареи лхьааи еилагӡо Џьавиде Шьарбалиаԥҳа.

Камуран Аӡынԥҳа лакәзар, изныкымкәа Аԥсныҟа даахьеит. Лара лажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа зегьы рыԥсадгьыл абара иазгәышьуеит, еиҳаракгьы аҿар рхы арахь икыдуп.

"Ас еиԥш иҟоу аныҟәарақәа лассы-лассы еиҿкаалатәуп, ҳаибадырреи, ҳаимадареи рырӷәӷәаразы акырӡа ицхыраагӡоуп. Ҭырқәтәыла инхо адиаспора, ирылшо ҟарҵоит аҿар, рҭоурыхтә дацқәа дмырӡырц азы. Уажәы ҳазнылаз амҩахәасҭа аԥхьаҟа иҵегьы ирҭбаатәуп", — лхәыцрақәа ҳациҩылшеит Камуран Каракәллукчу.

Атуристцәа ргәыԥ аҿы дыҟан хылҵшьҭрала иаҭырқәоу Ҳакан Каракәыллукчу. Иара, Камуран Аӡынԥҳа лҟынтә, акыр Аԥсны аӡбахә иаҳахьан. Атуристцәа Аԥсныҟа аара анаԥшьырга, иаргьы дрыцаарц иӡбеит.

"Аԥсуаа абриаҟара агәаҟра шырхыргахьоугьы, рыблақәа ачча рхуп, ргәы ҭбаауп. Уи умбарц залшом. Сгәы сзырхьуа акоуп, амҩадуқәа рҟны амашьынақәа  аӷьны иахьныҟәо. Аԥсуаа хыԥхьаӡарала имаҷуп, ахеиқәырхара рҭахуп. Сара атәым ҳәынҭқаррақәа рахь акыр сныҟәахьеит, аха Аԥсны аԥшӡареи, инхо ажәлари даара схырхит, ҩаԥхьа аара сгәахәо сҟалеит", — иҳәеит Ҳақан.

Ҭырқәтәылатәи аԥсшьаҩцәа раԥхьатәи ргәыԥ Аԥсны иаҭаартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥнаҵеит аԥсуа туристтә фирма "Дольче-Вита".

Ажәабжьқәа зегьы
0