Аибашьра аветеран Гребениук: Иапониаа рыӷбақәа зегь ӡааҳарҟәрылеит

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Петр Гребенюк.
Ветеран ВОВ Петр Гребенюк. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Пиотр Панфил-иԥа Гребениук иеибашьратә мҩа данылеит Ленинград азааигәара, иагьациҵеит Балтиисктәи афлот аҟны артиллеристк иаҳасаб ала, анаҩс Иапониа деибашьуан.

АҞӘА, мшԥ 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Пиотр Гребениук хатәгәаԥхарала аибашьра дцеит 1943 шықәсазы. Раԥхьа уи аизгаратә пункт дақәшәеит Уфа азааигәара, уаҟа анаҩс хара инаӡо астратегиатә ракетақәа ргылан. Аруаа реизгареи, урҭ афронт аҟны реихшареи ашьҭахь Гребениук дрышьҭуеит Балтиисктәи афлот ашҟа.

Филлип Артюх - Sputnik Аҧсны
Аветеран Филипп Артиух Владикавказ ааигәара ахәра иоуит

"Ҳара Ленинград азааигәара ҳаргеит. Нас жәаба-жәаҩа сааҭ шьапыла ақалақь Киров амҩа ҳақәын. Анемеццәа ибзианы иаҳԥылеит "иҭабуп" ҳәа расҳәоит, рҳаирлан-иункерқәа халаны иҳалахысит. Ҳаруаа рыхәҭак уаҟа иҭахеит. Иаанхаз ҳамҩа иацаҳҵеит", — игәалаиршәеит аветеран анемеццәа равиациа раԥхьаӡа ишрылахысыз атәы.

Пиотр Гребениук иеибашьратә мҩа ациҵеит Балтиисктәи афлот артилериа хьанҭазы 184-тәи агаубицатә полк аҟны. Артиллериатә полк аҟны Гребениук напынҵас иман артиллериа аснариадқәа рнагареи, уи аиҵаҵареи.

"Сара агәабзиара сыман, 75 кьыла ашьҭыхра сара сзы уадаҩра аҵамызт, аснариадқәа назгон, нас агаубица еиҵасҵон", — иҳәеит аветеран.

Асовет армчқәа ԥхьаҟа ацара анрылша Петр Гребениук Мрагылара дрышьҭит.

"1944 шықәса жәабранымзазы ҳара ҳаизыргеит, мрагылараҟа ҳрышьҭит, 1800-ҩык ҳаҟан ҳархәҭҿы. Адәыӷбала мызкы амҩа ҳақәын, фатәыс иҳамаз ачарҩа акәын. Аҵыхәтәантәи ҩаха зынӡа акгьы ҳамфеит. Ҳаиҳабацәа иҳарҳәон Иркутск ҳаннеилак акрышаҳҿарҵоз. Иркутск ҳаннеи иаразнакы акрыфарҭахь ҳдәықәлеит, аха анеиха ҳауаанӡа адҵа ҳарҭеит адәыӷбахь ҳгьежьырц азы. Анаҩс излеилаҳкааза ала, аиапон ԥшыхәыҩцәа ҳешелон шаауаз рдыруан, алаӷәым аҵаҵаны иԥыржәарцгьы ргәы иҭан", — игәалаиршәеит Гребениук.

Аибашьцәа зҭаз адәыӷба Владивосток инеит. Гребениук афлот ахь дрышьҭит, артилеристцәа ргәыԥ дақәшәеит. Аветеран "Партизан" захьӡыз аӷбаҟны деибашьуан. Аибашьратә ӷбақәа "Арго", "Партизан", "Полярный" и "Пешков" нанҳәамза 10 рзы Иапониа аибашьрахь ирышьҭит.

"Ҳара Иапониа рыӷбақәа зегьы ӡааҳарҟәрылеит. Ҳдивизион иацеибашьуан аминаныҟәгараҭә ӷба "Войков". Квантунктәи архәҭа ҳабашьуан анаҩс, уи Иапониаа рырхәҭақәа зегь раҵкыс агәымшәара аадырԥшуан. Ҳара ҳнеиаанӡа урҭ ҳаибашьцәа зықьҩыла иҭадырхахьан. Ҳара аӷбақәа ҳрықәҵны аибашьцәа ҳрыцхраауан", — азгәеиҭеит аветеран.

Ари аидыслараҿы Пиотр Гребениук ахәра иоуеит.

"Аиапонцәа иркыз ахыџра ҳгар акәын. Аиҿахысра шцоз сшьапы ааха аиуит. Аиапон еибашьҩы арҭҟәацга сгәыдиҵеит – инарцә бзиахааит. Арҭҟәацга ахәҭак сшьапы иалҟьаны ицеит. Сшьапы ахәра анҿарҳәа ашьҭахь аибашьра иацысҵеит", — иҳәеит Гребениук.

Квантунктәи архәҭа ианраиааи ашьҭахь асовет архәҭақәа Гензантәи амшынтә-арратә база аанкылара. Гензантәи апорт аҟны Гребениук аконтузиа ӷәӷәа иоуит.

"Анаҩс излеилаҳкааз ала, ауха шаанӡа ҳаӷба арҭҟәацга иқәгылан, уи арҭҟәацга ҩ-метрак аура аман, аҭбаара метраки-бжаки. Амина анҭҟәац сара аӡы салаҳаит", — иҳәеит аветеран.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҟны иааирԥшыз агәымшәаразы Пиотр Гребениук "Иапониа Аиааиразы" амедаль ианаршьеит. 1963 шықәса инаркны аҳақьымцәа рабжьгарала Пиотр Гребениук Аԥсны дынхоит.

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Петр Панфилович Гребенюк.
Ветеран ВОВ Петр Панфилович Гребенюк. - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Петр Панфилович Гребенюк.
Ажәабжьқәа зегьы
0