Сулҭан Папба иҭаацәа иранаршьеит агәаларшәагатә ҳамҭа

© Sputnik Роберт ДжопуаВручение благодарственной награды семье Султана Папба. Фото с места события.
Вручение благодарственной награды семье Султана Папба. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Италиа иҟоу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мауро Мурџьиа афашистцәа ирҿагылаз апартизанцәа рхаҭарнак, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Султан Папба иҭаацәа ириҭеит Италиатәи апартизанцәа рассоциациа иазнархиаз агәаларшәагатә ӷәы.

АҞӘА, мшԥ 16 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Италиа Апартизанцәа рмилаҭтә Ассоциациа ргәаларшәагатә ӷәы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәыз Сулҭан Папба иҭаацәа иранеишьеит Италиа иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мауро Мурџьиа.

"Ари аҳамҭа Сулҭан Папба иҭаацәа ҳамҭас ирынаҭеит Италиа Апартизанцәа рмилаҭтә Ассоциациа. Апартизантә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа агәалашәаратә ҳамҭақәа рырҭоит, уаҟа иануп урҭ рпортретқәеи рыхьыӡқәеи", — иҳәеит Мурџьиа.

Аџьынџьытәылатә еибашьра ду аветеран иԥҳа иаарԥшыз азҿлымҳаразы иҭабуп ҳәа ралҳәеит. Уи Сулҭан Папба изкны лгәалашәарақәа еиҭалҳәеит.

"Уи аибашьра дцеит фы-шықәса анысхыҵуаз. Ҳара адырра ҳауит уи хабарда дыбжьаӡит ҳәа. 1946 шықәсазы уи аҩныҟа дхынҳәит. Ааԥынран. Иаалырҟьаны уи аԥенџьыр дасит. Сара дысгәалашәон, саҳәшьа еиҵбы — мап. Сара сыбжьы рдуны ҳаб дшааз аҳәара салагеит. Агәылацәа еизеит. Ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт", — лҳәеит Цицина Папԥҳа.

Мауро Мурџьиа иазгәеиҭеит Сулҭан Папба апартизанцәа ргәыԥ даланы афашистцәа дырҿагыланы иааирԥшыз афырхаҵарақәа ртәы хәы-шықәса раԥхьа ишиаҳаз, раԥхьаӡа Аԥсны данаа. Уи ашьҭахь, Италиа Апартизанцәа рмилаҭтә Ассациациа архив аҟны Сулҭан Папба изкны аинформациа иԥшааит.

"Ҳәарада, ари ауаҩ иԥсҭазаара акыр аинтерес аҵоуп. Уи иҩызцәеи иареи иҭҟәаны иахьыргаз аҭыԥ аҟынтә абналара рылшеит. Анаҩс Италиа афашизм даҿагыланы дықәԥон. Ҳара ҳгәы иҭоуп Италиеи Аԥсныи иҟоу амҩақәа Сулҭан Папба ихьӡ рыхҵара", — азгәеиҭеит Мурџьиа.

Сулҭан Папба диит 1898 шықәсазы. 1942 шықәса хәажәкырамзазы Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду ахь дцеит. Кавказ ахьчара далахәын, уаҟа дрыҭҟәоит, аха уантәи дыбналоит. Ицыбналаз хҩык иҩызцәеи иареи алалоит афашистцәа ирҿагылаз Џьузеппе Гарибальди ипартизантә гәыԥ, уи уаҟа аибашьра нҵәаанӡа дыҟан. 1946 шықәса анҵәамҭазы Папба аҩныҟа дхынҳәуеит. 1980 шықәсазы 82 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0