Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукКавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ахҵәацәа ргәаларшәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
151 шықәса раԥхьа Кавказ ажәларқәа ахырҵәара – амҳаџьырра рхыргеит.

АҞӘА, лаҵ 22 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит атәыла ауаажәлари асасцәеи, лаҵара 21 ахәылбыҽха.

Амшыннырцә иҟоу ҳашьцәа ахҵәара иазку рхәыцрақәа ҳацеиҩыршеит

Агәаларшәаратә хәылԥаз аартын гәыԥ-гәыԥла ауаа амца кны амҳаџьырцәа рбаҟахьы рнеирала. Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтә Амҳаџџьырцәа рбаҟахьы аныҟәара ауаа рацәа рхы аладырхәит.

Аҿар рполитиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба иазгәеиҭеит, ари амш аҵакы шдуу.

"Ҳҭоурых ҳаҭыр ақәҳамҵар, ԥеиԥш лаша ҳауӡом. Убри азоуп аҭоурых аҿар рхы-ргәы аҟынӡа анагара зхадоугьы. Иахьатәи амши, ас еиԥш иҟоу арыцхәқәеи, аизарақәеи уи аҟны ицхыраагӡоуп", – иҳәеит Аҩӡба.

День памяти жертв Кавказской войны.
День памяти жертв Кавказской войны. - Sputnik Аҧсны
День памяти жертв Кавказской войны.

Абаҟаҿы ажәлар анеиза ашьҭахь Кавказ ажәларқәа рлахьынҵа зныԥшуа, амҳаџьырра иазкыз афильм ӡырган.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы акомитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Нанба иазгәеиҭеит лаҵара 21 агәалашәареи, алахьеиқәҵареи ишрымшу.

"Ҳҭоурых ҳгәалашәонаҵы ԥхьаҟа ацара, аҿиара алшара ҳамазаауеит. Ҳара ахақәиҭра ҳшьа иалоуп, еснагь ҳазықәԥалоит еиҟәыгоу Аԥсны жәлар реидкылара", – иҳәеит иара.

© Sputnik Томас ТхайцукДень памяти жертв Кавказской войны
День памяти жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны
День памяти жертв Кавказской войны

Иорданиантәи ҳџьынџьуаҩ Жан Леиԥҳа лажәақәа рыла, лаҵара 21 аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы аԥсуа жәлар рымацара акәӡам еизнаго, ари алахьеиқәҵаратә амш еиднакылоит аԥсуаа реиԥш ахырҵәара иақәшәазгьы Кавказ ажәларқәа зегьы.

"Иахьатәи арыцхә аҵакы еилаҳкаауазароуп, иаҳхамшҭуазароуп, ҳԥеиԥш бзиахар ҳҭахызар. Иахьа ас еиԥш акырзҵазкуа арыцхәқәа раан ҳмиезалар, ҳкультуреи, хҭоурыхи ҳцәыӡыр алшоит", – лҳәеит Леиԥҳа.

Аԥсны атәылауаҩ Баҭал Берзениа иҳәеит ари амш Кавказ зегь азы ишлахьеиқәҵагоу.

"Уи трагедиан амҳаџьырцәа рзы адагьы инхаз рзгьы, избанзар Аԥсны агенофонд ӷархеит. Рыԥсадгьыл иахыҵит абаҩхатәра, ахшыҩ змаз ауаа. Хашҭра рықәымзааит Кавказтәи аибашьра иалаӡызи, атәым жәҩан аҵаҟа иҭахази ҳашьцәа!" – азгәеиҭеит Берзениа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә хәылԥаз хыркәшан Нарҭаа рымца аиқәҵарала. Уи амца есышықәса Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа амҳаџьырцәа ргәалашәара иазкны еиқәырҵоит.

© Sputnik Томас ТхайцукДень памяти жертв Кавказской войны
День памяти жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны
День памяти жертв Кавказской войны

Кавказтәи аибашьра анеилга Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа рхырҵәара иалагеит. Ртәыла аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рымамызт ачерқьесцәа, аубыхцәа, аԥсуаа, абаза.
XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рмоуит. Аԥсуа амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0