Фы-шықәса зхыҵуа Бармышьтәи аӡӷаб лхала аиталиан бызшәа лҵеит

© скриншот с видео пользователя Алины АйбаФы-шықәса зхыҵуа Бармышьтәи аӡӷаб лхала аиталиан бызшәа лҵеит
Фы-шықәса зхыҵуа Бармышьтәи аӡӷаб лхала аиталиан бызшәа лҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭа инхо фы-шықәса зхыҵуа аӡӷаб аиталиан бызшәа лҵеит акабельтә телехәаԥшрала амультфильмқәа дрыхәаԥшуа.

АҞӘА, лаҵ 28 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Нанҳәымзазы бжьы-шықәса зхыҵуа Еланда Аиԥҳа аиталиан бызшәа шылдыруа лҭаацәа иаразнакы ирзеилымкааит, лҳәеит уи лаҳәшьа Алина Аиԥҳа.

Уи лажәақәа рыла, аӡӷаб уаанӡа илҳәахьан амультфильмқәа рфырхацәа злацәажәо аиталиан бызшәа шеилылкаауа, аха лҭаацәа хырҩаа арымҭеит. Аха уахык зны Еланда хәыҷы аиталиан бызшәала ажәақәа аҳәара даналага зегьы еилыркааит аӡӷаб абызшәа шылдыруаз.

"Сара маҷк издыруеит уи абызшәа, лҳәеит аӡӷаб лаҳәшьа Алина Аиԥҳа. Еланда аиталианшәала азҵаара анлысҭа, даҿамхаӡакәа аҭак ҟалҵеит. Ус ҳаицәажәара ҩажәаҟа минуҭ ацара иаҿын. Сара даара иџьасшьеит, ас зықәра маҷу ахәыҷы уадаҩрада аиталианшәала дахьцәажәо. Абри атәы асоциалтә каҭа Facebook аҟны ианысҵеит".

Скрин.
Скрин. - Sputnik Аҧсны
Скрин.

Еланда лҭаацәа изларҳәо ала, ахәыҷы шықәсқәак инеиԥынкыланы акабельтә телехәаԥшрала аиталианшәала амультфильмқәа дрыхәаԥшуеит, уи аканал лара даара бзиа илбоит.

"Сара срыдҵаалеит ҳауацәа Италиа иреиҳау аҵара зоуз. Урҭ ражәақәа рыла Еланда дызлацәажәо абызшәа злашьықәгылоу илҵаз ажәақәа рыла акәым, илҳәо зегьы еилкааны илҳәоит. Урҭ иара убас иазгәарҭеит ахәыҷы акцентда дышцәажәо", — азгәалҭеит Алина Аиԥҳа.

Ахәыҷтәы психолог Анжела Ладариаԥҳа лажәақәа рыла, Еланда лыхҭыс феноменалтәуп. Аӡӷаб аинталианшәа аӡәгьы илимырҵозтгьы, даара иџьоушьартә иҟоуп уи илымоу агәынкылара бзиа.

"Ахәыҷқәа аиашазы рылшара рацәоуп. Ахәыҷы даниуа бызшәакгьы издыруам, аха иаарласны ацәажәара далагоит. Аха уи дызлацәажәо еиԥҟьарада иаҳауа абызшәалоуп. Аиталиан бызшәа Бармышь ахәыҷы ателехәаԥшрала иахьылҵаз акыр иуарлашәарлоу хҭысуп", — азгәалҭеит Ладариаԥҳа.

Афилолог Светлана Басариаԥҳа лгәаанагарала, Еланда лылшара ҷыдақәа рырҿиара аҭахуп.

"Ахәыҷы ари ақәраҿы аамҭакала еиуеиԥшым хԥа-ԥшьба бызшәа рҵара илшоит. Иарбанзаалак абызшәа аҵараан аспециалист ицхыраара ахархәара азура аҭахуп. Аӡӷаб абызшәахьы илымоу аинтерес лцәымӡроуп, уи азы дзацәажәо ауаа лымазар ауп", — лҳәеит Басариаԥҳа.

Бармышьтәи аӡӷаб Еланда Аиԥҳа фы-шықәса лхыҵуеит, сынтәа уи Бзыԥтәи абжьаратә школ дҭалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0