Ашәба: Багаԥшь идҳәалоу ахҭысқәа рацәоуп, уажәада еиҭасымҳәацгьы ыҟоуп

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСергей Багапш выступил на митинге в Сухуме по поводу признания независимости Абхазии Россией. Архивное фото.
Сергей Багапш выступил на митинге в Сухуме по поводу признания независимости Абхазии Россией. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" аиҳабы Ныгәзар Ашәба Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара иалҵра амш азы Аԥсны аҩбатәи ахада изку игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит.

АҞӘА, лаҵ 29 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Сергеи Багаԥшь изкны иуҳәаша даара ирацәоуп, избанзар уи иеиԥш иҟаз аҵеи дуцәа Аԥсны уиаҟара ирацәам, иҳәеит Багаԥшь дигәаларшәо Ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" аиҳабы Ныгәзар Ашәба.

"Уи данқәыԥшыз аахыс даԥхьагылаҩын. Аҟәаҟа аусура санаа, Сергеи Аҟәатәи араиком  акомсомол актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан, ари 1976 шықәсазы акәын. Уи ашьҭахь ус иҟалеит, ҳаԥсҭазааратә мҩақәа анеиқәшәоз рацәан. Уи иааникылоз аҭыԥқәа иара ишьҭахь иааныскылахьан, иаҳҳәап Қарҭтәи ЦК акомсомол аҟны, иара убас, Аԥсны обком акомсомол. Багаԥшь згәы ҳалалыз уаҩын, аҭакԥхықәрагьы иман", — иҳәеит Ашәба.

Ныгәзар Ашәба иазгәеиҭоит Сергеи Багаԥшь идҳәалоу ахҭысқәа даара ирацәоуп. Урҭ рахьтә иҟоуп раԥхьаӡа акәны еиҭеиҳәогьы. Ашәба иажәақәа рыла, Сергеи Багаԥшь иқыҭан ашәарыцара бзиа ибон.

"Зны дахьынхо иқыҭа Џьгьарда снеит. Иҭаацәа сразҵааит дабаҟоу ҳәа. Урҭ исарҳәеит агәылара џьара дышнеиз. Уахь сцеит саргьы. Санԥшы Сергеи атрактор дшақәтәаз збеит, уи игәыла аџьықәреи аҭагалара дицхраауан. Багаԥшь анхара илан", — азгәеиҭеит аполитик.

Нугзар Ашәба игәаанагарала, Сергеи Багаԥшь Аԥсны аполитикатә ԥсҭазаараҿы илагала дууп.

"Қырҭтәылеи ҳареи еснагь ҳаизыҟазаашьақәа цәгьан. Багаԥшь ахадас даналаҳх еиҳагьы ихьанҭахо иалагеит. Кәыдрытәи аиҩхаагьы ыҟамзи. Ақырҭқәа уахь иҭалеит. дареи ҳареи аиҿцәажәараҳәа акгьы ҳабжьазар ҳтахӡамызт, нас еилкаахеит Аԥсны зегь рнапаҿы иааргарц шырҭахыз. Усҟан Багаԥшь Москваҟа лассы-лассы дцон, Урыстәыла аиҳабыра драцәажәон, ҳтәылаҿы абжьаҟазаратә мчрақәа реизырҳаразы аилацәажәарақәа мҩаԥигон. Иара итәы иаиргеит. Ҩ-нызкьҩык аруаа ахьыҟаз, х-нызқьҩык рҟынӡа ҟалеит. Иара убри алагьы ақырҭқәа Аԥсныҟа ааира зларылшоз астратегиатә ҭыԥқәа зегь рӷәӷәаны ихьчан", — ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Ныгәзар Ашәба иазгәеиҭеит Сергеи Багаԥшь илшамҭақәа зегьы ишреиҳау Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра ахьазхарҵаз.

"Нанҳәа 26 рзы ашьыжь Багаԥшьи сареи Москва ҳаҟан. Азхаҵара шҳарҭо атәы еилаҳкаахьан. Ақәҵара заҵәык акәын ҳаззыԥшыз. Медведев усҟан Шәача дыҟан. Асааҭ 3 рзы азха́́цара атәы шрыларҳәоз ҳдыруан аҟнытә Аԥсныҟа амҩа ҳақәлеит. асааҭ 12 рзы Шәача ҳааихьан. Багаԥшь идыруан уа дшыҟаз Приднестровие ахада Смирнов, уи атәыла азхаҵара арҭомызт. Сергеи Уасилиԥа иҳәеит Смирнов иҿы ҳнеироуп ҳәа. Ҳцеит, даҳбеит, игәы ҳарӷәӷәеит, еснагь ҳашидгыло азы ажәа иаҳҭеит. Смирнов ҳамнеиргьы игәы иалымсыр ҟаларын, аха Багаԥшь иара итәы ҟаиҵон зегь акоуп", — азгәеиҭеит Ашәба.

© AFP 2023 / Elmer MARTINEZВизит С.В. Багапш в Никарагуа. Архивное фото.
Визит С.В. Багапш в Никарагуа. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
1/5
Визит С.В. Багапш в Никарагуа. Архивное фото.
© AFP 2023 / Miguel Gutierrez.Визит С.В. Багапш в Венесуэлу. Архивное фото.
2/5
Визит С.В. Багапш в Венесуэлу. Архивное фото.
© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Абхазии Сергей Багапш (справа) во время торжественного военного парада по случаю 15-тилетия независимости Абхазии.
3/5
Президент Абхазии Сергей Багапш (справа) во время торжественного военного парада по случаю 15-тилетия независимости Абхазии.
© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра17 февраля 2010 г. Президент России Дмитрий Медведев с супругой Светланой и президент Абхазии Сергей Багапш с супругой Мариной (слева направо) во время встречи в Кремле.
4/5
17 февраля 2010 г. Президент России Дмитрий Медведев с супругой Светланой и президент Абхазии Сергей Багапш с супругой Мариной (слева направо) во время встречи в Кремле.
© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасра8 августа 2010 г. Президент РФ Дмитрий Медведев и президент Абхазии Сергей Багапш (справа налево) во время прогулки по Сухуми.
5/5
8 августа 2010 г. Президент РФ Дмитрий Медведев и президент Абхазии Сергей Багапш (справа налево) во время прогулки по Сухуми.
1/5
Визит С.В. Багапш в Никарагуа. Архивное фото.
2/5
Визит С.В. Багапш в Венесуэлу. Архивное фото.
3/5
Президент Абхазии Сергей Багапш (справа) во время торжественного военного парада по случаю 15-тилетия независимости Абхазии.
4/5
17 февраля 2010 г. Президент России Дмитрий Медведев с супругой Светланой и президент Абхазии Сергей Багапш с супругой Мариной (слева направо) во время встречи в Кремле.
5/5
8 августа 2010 г. Президент РФ Дмитрий Медведев и президент Абхазии Сергей Багапш (справа налево) во время прогулки по Сухуми.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса, хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит. 2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы — деиҭалхын.

Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса, лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакь, Џьгьарда.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0