Аԥсны Ахазынаркраҟны аусуразы аҵыхәтәантәи аԥышәаранӡа 56-ҩык наӡеит

© Sputnik Томас ТхайцукЗамминистра финансов Джансух Нанба. Архивное фото.
Замминистра финансов Джансух Нанба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистрра ахыркәшаратә етап аҳәаақәа ирҭагӡаны, 50-ҩык инареиҳаны иааинырсланы аԥышәара рахыжьра мҩаԥган ареспубликатә Хазынаркраҟны аусурахь рыдкыларазы.

АҞӘА, рашә 8, – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны Ахазынаркраҟны аусуразы алхрақәа рхыркәшаратә етап аҟынӡа инаӡеит 56-ҩык ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистр лхаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

Аԥсны афинансқәа рхылаԥшразы аформа ҿыц аԥҵоуп

Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла аусурахь адкыларазы ахыркәшаратә лкаақәа ҟанаҵараны иҟоуп акомиссиа ҷыда.

"Акомиссиа аӡбара шьаҭаны иаиуеит актәи аԥышәареи (35%) аҩбатәи аԥышәареи (30 %) рылҵшәақәа инарықәыршәаны иалырхуа ауаа. Иара убасгьы аӡбразы аҵакы хада аманы иҟалоит хаҭалатәи азнеишьа", — ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Џьансыхә Нанба иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистрраҟны абарҭ алхрақәа ирылҵшәаны аусура иалагараны иҟоу зегьы рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны аҵара дырҵара шеиҿкаахо. Иара убасгьы иациҵеит аҵара ахархәаратә программатә еиқәыршәара аганахьала шакәхо имҩаԥысраны ишыҟоу.

"Актәи аетап алкаақәа рыла, ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, аҿар ицәгьамкәа азыҟаҵара шрымоу. Ҳәарада, иҟоуп узмыргәырӷьаша аҭагылазаашьақәагьы, аха убри инаваргыланы иазгәаҭатәуп ибзиаӡоуп ззуҳәаша алҵшәақәагьы. Иааидкыланы  аусурахь акандидатцәа рзы угәаанагара уҳәозар – ибзиоуп ҳәа уҳәар алшоит" — азгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистр лхаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

Абиуџьет анагӡара ахазынаркратә система алагалоуп абиуџьеттә малқәа рныхшьа хра рыманы иҟоуи иҟамуи абара маншәалазарци еиҳа иаартызарци азы ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Афинансқәа рминистр лхаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.

Ахазынаркра хықәкыла хылаԥшра анаҭалоит абиуџьет малқәа зегьы рныхшьа. Абиуџьет анагӡаразы ахазынаркратә система иазыԥхьагәанаҭоит, абиуџьеттә процесс алахәылацәа зегьы хаз иго рыԥхьаӡарақәа рҟынтәи ахазынаркратә система аԥхьаӡарақәа рахь риасра. Ахазынаркра Аԥсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистррахь иаҵанакуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0