Ҳаџьымба: абаҟақәа атуристтә интерес адыԥхьаларазы ресурс дуны иҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Гагра араион актив дырԥылеит.

ГАГРА, рашә 10 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аҟны иҟоуп аҭоурых-культуратә ҭынха иеиуоу 186 баҟа иҳәеит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Гагра араион актив рԥылараан.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Гагра араион азы абаҟақәа атуристтә интерес адыԥхьаларазы зҵакы дуу ресурсны иҟоуп, урҭ ҳаҭырла рызныҟәара араион атуристцәа разхьарԥшра адагьы аԥсуа милаҭтәи акультуратәи акзаара мҩаԥнагоит ҳәа.

Иара иеизаз иргәалаиршәеит, Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟа, ахьчаратә зона иаҵанакуа, аҩбатәии аԥшьбатәии ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Пицунда ақалақь  адгьылқәа хатәԥышәала иртәыртәырц ишаҿыз.

"Гагра араион Ахадара хаҭала ирысҭеит адҵа асеиԥш иҟоу аҵакырадгьылқәа рҟны иарбанызаалак изакәаным аусқәа аԥдырҟәҟәааларц. Исҳәар сҭахуп, иарбанызаалак изакәаным аҽазышәарақәа алҳаршараны ҳшыҟам. Абаҟақәа – ҳара хәы змам ҳмилаҭтә ҭынхақәа роуп", – иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит  Гагра араион аҿиаразы иазоужьу миллиардки хышә-нызықь миллиони аԥара аҟынтәи  65 % иреиҵамкәа атуристтә сектор иазырхахоит ҳәа.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Рауф Цымцба иҳәеит Гагра араион 2015 шықәсазтәи абиуџьет 510 миллион мааҭ шартәо.

"Иааидкыланы ареспубликаҟны абиуџьет ахь имнеиит 230 миллион мааҭ. Урҭ рҟынтәи 60 миллион мааҭ назмышьҭыз Гагра араион ауп. Аиҳарак афирмақәа роуп ауал зықәханы иҟоу. Урҭ руал рымшәар Амассатә информациа ахархәагақәа рыла рыӡбахә ажәлар ирылаҳҳәар акәхоит", – иҳәеит Р. Цымцба.

Аминистр иажәақәа рыла, Гагра араион аҟны имҩаԥган акурорттә усхк  аобиектқәа зегьы инвентаризациа рзура. Уи алкаақәа рыла иҭаҩын 2890 ҭыԥ (ахатәы сектор аҟны), 840 ҭыԥ асасдкыларатә ҩнқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0