Чрыгба Женевазы: ҳара агәынамӡара ҳамоуп уаанӡатәи араунд амҩаԥысшьазы

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәеи иааираны иҟоу 32-тәи араунд азыҟаҵара иалацәажәеит.

АҞӘА, рашә 11 —  Sputnik, Нала Аҩӡԥҳа. Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Виачеслав Чрыгба имҩасыз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысшьазы агәынамӡара ааирԥшит аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩцәа данырԥылоз.

Иара иажәақәа рыла, аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа рыбжьара иҟоу аиҿагыларақәа аконструктивизм иацәыхароу аҭагылазаашьа цәырыргоит.

"Апартниор уара ухаҭараҿы апартниор данимбо, даара иуадаҩуп, иагьа аҭахра умазаргьы. Ари апроблема ақырҭуа ган ауп измоу. Иара ииашамкәа иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьара ҟанаҵоит. Абри ауп зегь раасҭа иуадаҩу проблеманы иҳамоу", — иҳәеит Чрыгба.

Рашәарамза 3 рзы ООН Ассамблеиа хада аҟны ирыдыркылаз «Аԥсни (Қырҭтәыла) Цхенвалтәи арегиони (Қырҭтәыла) рҟынтәи ахҵәацәеи иахыҵны ицази рзы Аԥҟара» далацәажәо аминистр иазгәеиҭеит иара аиҿцәажәарақәа еиҳагьы ишаруадаҩыз.

"Аҵыхәтәантәи арезолиуциа апроблема аӡбразы хәарҭара аманы иҟам, еиҳагьы иамыруадаҩуазар. Иара уи адагьы иара хәарҭараҳәагьы акгьы амам. Аӡәгьы дымхынҳәит дхынҳәрангьы дыҟам. Ари политикатә хәмарроуп. Қырҭтәыла аус иашаҵәҟьа ацынхәрас ахәмарра агәы иҭазар, уи иара иаусуп", — инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Аԥсуа ган арҭ аиҿцәажәарақәа рганахьала аоптимизм рацәа рымамзаргьы урҭ рыцҵара иақәшаҳаҭуп, иажәақәа ирыциҵеит иара.

"Женева имҩаԥысуеит адунеи ауаажәларреи ҳареи ҳаинырра, Евросоиуз, ООН, ОБСЕ реиԥш иҟоу акторқәа рацәажәара. Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит. Ара ҳара иҳалшоит ҳпозициа аартны урҭ рызнагара", — иҳәеит Чрыгба.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Герберт Зальбер дақәшаҳаҭхеит аиҿцәажәарақәа рҟны аҭагылазаашьа шыуадаҩу.

"Ҳара, аицхантәаҩцәа реиԥш иҳалшо ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа аиӷьтәразы. Ҳара шәара шәпозициа ҳаҭыр ақәаҳҵоит, егьырҭ рпозициақәа пату шрықәаҳҵо еиԥш", — иҳәеит Зальбер.

Иара игәаанагарала, аиҿцәажәарақәа агуманитартәи ашәарҭадаратәи зҵаарақәа рыӡбра иазырхазар еиӷьуп.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 32-тәи раунд мҩаԥысраны иҟоуп Женева ақалақь аҟны, рашәара 30 — ԥхынгәы 1 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0