ААУ аушьҭымҭацәа ауниверситет абзиараз ҳәа иаԥырҵит

© Sputnik Анжелика БенияВыпускники Абхазского Государственного Университета
Выпускники Абхазского Государственного Университета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәсазы 585-ҩык Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет иалгеит.

АҞӘА, рашә 17 — Sputnik, Анжелика Бениа. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны рашәарамза 17 рзы имҩаԥысит аушьҭымҭацәа рыхәылԥыз.

ААУ аҟны имҩаԥысуеит Арӡынба 70 шықәса ихыҵра иадҳәалоу аконференциа

Аректор Алеко Гәарамиа  иажәақәа рыла сынтәатәи аушьҭымҭацәа рҟынтәи 48-ҩык диплом ҟаԥшьыла рҵара хдыркәшеит.

"Ариаҟара диплом ҟаԥшьыла иалгаз ҳара уаанӡа иаҳмоуцызт. Ҳара иахьа арахь иааҳаԥхьеит атәыла Ахада, аминистрцәа, адепутатцәа. Иаҳҭахуп урҭ ирбарц ауниверситет ашьапы ишықәгылаз, ауниверситет аҿиара аҳәынҭқарратә программа ишаԥсоу", — азгәеиҭеит иара.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба Ауниверситет аушьҭымҭацәа зегьы ари амш рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа ԥхьаҟагьы.

"Шәышьҭахьҟа инхеит аҵара ашықәсқәа, аха аҵара шәыԥсы ахьынӡаҭоу шәаҿызароууп. Сара сеигәырӷьоит аҵара аҩаӡара ахьеизҳауа", — иҳәеит иара.

Алеко Гәарамиа иҳәеит сынтәа, аттестациатә комиссиа ахантәаҩцәа раҳасабала амчра ахаҭарнакцәа шааԥхьаз, урҭ аҵара шеиӷьхаз абара рылшарц азы.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 36 шықәса ахыҵит

Сынтәа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа адипломқәа рнапаҟны иддыркит ареспублика анапхгара.

Адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьақәа ркафедраҟны аттестациатә комиссиа ахантәаҩы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориеыдныҳәалеит.

"Сеигәырӷьоит ауниверситети сареи ҳаидҳәалоижьҭеи акыр ахьыҵуа. Апессимистцәа ари аамҭа кризистәуп рҳәозар, аоптимистцәа – ари аамҭа алшарақәа ираамҭоуп рҳәоит", — иҳәеит С. Григориев.

Иара убасгьы аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит аҵара аминистр Адгәыр Какоба.

"Ҳара ҳԥеиԥш шәара шәнапы иануп. Шәахьыҟазаалакгьы аԥсуа бызшәа аҵакы шәхашәмыршҭлан", — иҳәеит Какоба.

1932 шықәса жәабран 4 рзы Аԥсны Наркомпрос ақәҵарала ишьаҭаркын Агропедагогикатә институт. 1933 шықәса рзы уи  М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт ахьыӡҵан, 1979 шықәса рзы – Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет ҳәа ишьақәыргылан.

Иахьа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аус ауеит Аминистрцәа Реилазаара хәажәкыра 15, 1997 шықәсазы ирыдыркылаз Ақәҵарала иаԥҵаз Аԥҟаԥҵәа иақәыршәаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0